Аԥснытәи ашьаҳариақәа иаарласны аҭирахь инаргоит

© Sputnik / Александр Кондратюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи ашьаҳариақәа иаарласны аҭирахь инаргоит
Аԥснытәи ашьаҳариақәа иаарласны аҭирахь инаргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ипресс-конференциа мҩаԥысит ахаша, жәабран 22 рзы.

АҞӘА, жәабран 23 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ипресс-конференциа мҩаԥысит ахаша, жәабран 22 рзы. Апресс-конференциаҟны Адгәыр Арӡынба иазгәеиҭеит лассы Аԥсны иаатраны ишыҟоу ашьаҳариақәа, азырхиабжақәа, ахш, ахаа-мыхаатә аалыҵ рҭыжьырҭақәа.

Иара иажәақәа рыла ииасыз ашықәс азы Аԥсны иҭаҩын зқьы рҟынӡа иурист хаҿы. Аиҳарак анаплакқәеи афирмақәеи ахьаадыртуа Аҟәа ауп, нас – Гагратәи араион аҟны.

"Иаарласны Кындыӷ аусура иалагараны иҟоу арԥхарҭатә комплекс, аԥхынрахь ҳаннықәлалак аусура хнартуеит ахшзауад. Гагра ахыркәшарахь инеиит ашьаҳариақәеи азырхиабжақәеи ахьыҭрыжьуа анаплакы",  - ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.

Иара убасгьы аминистр иҳәеит Аҟәа ахаа-мыхаа ахьыҭрыжьуа афабрика маҷгьы аусура ишазыԥшу.

Ажәабжьқәа зегьы
0