Дырмит Гәлиа илитературатә хәылԥазы мҩаԥысит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаДырмит Гәлиа илитературатә хәылԥазы мҩаԥысит Гагра
Дырмит Гәлиа илитературатә хәылԥазы мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа илитературатә хәылԥазы мҩаԥысит Гагратәи абиблиотекаҟны жәабран 23 рзы.

ГАГРА, жәабран 23 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Жәабран 21 азы, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Есыф-иԥа Гәлиа ихыҵит 143 шықәса. Есышықәса ҳмилаҭтә литература абду имш иира инамаданы, иара ихьӡ зху Гагратәи абиблиотека №1 аҟны имҩаԥысуеит игәалашәаратә илитературатә хәылԥазқәа.

Иахьа, Гагра араион акультура аҟәша ацентртә абиблиотекатә система аусзуҩцәа имҩаԥыргеит алитературатә хәылԥазы. Уи рхы аладырхәит Гагратәи абжьаратә школ №4 аҵаҩцәеи Борис Кьехьыриԥа ихьӡ зху Гагратәи агәуманитартә ааглыхратә техникум астудентцәеи.

"Ҳара ҳзы игәахәара дууп, абас еиԥш алитература абзиабаҩцәа ҿарацәа рабиԥара ахьеиҵагылаз. Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа хәыҷи дуи егьа аамҭа царгьы ирҿырҵаауа рацәоуп. Уи иҩымҭақәа ааӡагоуп. Агәраганы сыҟоуп, иахьа аԥсуа литература ашьаҭаркҩы ицәаҳәақәа ирыԥхьо рахьтә, раԥхьаҟа арҿиаратә мҩа алызхуагьы шыҟало", — лҳәеит Гагратәи акультура аҩны аиҳабы Венера Чагәааԥҳа.

Ашколхәыҷқәеи астудентцәеи рықәгыларақәа ирылагаанӡа, абиблиотека аусзуҩ Анна Ашрафиан дазааҭгылеит Дырмит Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи. Анаҩс ахәыҷқәа ирыԥхьеит ажәеинраалақәа, афольклор аҟнытә иаагаз аҭәҳәақәа. Иара убас, Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи ирызкны автор иҭоурыхтә хцәажәарақәа.

Ахәыҷқәа алитературатә хәылԥазы ҭакԥхықәрала ишазнеиз убаратәы иҟан. Дара, азыӡырҩцәа арҭ аҩымҭақәа аинтерес аманы ирзаԥхьон.

Дырмит Гәлиа иҭоурыхтә џьа ҩаԥхьа ахә ҳаракны иршьеит.

"Дырмит Гәлиа иҩымҭақәа лымкаала бзиа иаабоит. Урҭ угәаҵанӡа инеиуеит аԥсышәалеи урыс бызшәала еиҭаганы уанаԥхьоуи. Зегьы иреиӷьаҳшьо рҿиамҭоуп "Камаҷыҷ". Ароман нҵәаанӡа угәы ҭынчхом, аԥҳәызба лиашара аиааира агарыма ҳәа узхәыцуа", — еицҿакны иазгәарҭеит аҿар.

Ацентртә абиблиотекатә система аиҳабы Лиана Смырԥҳа лажәақәа рыла, ааигәа дара иргәиҭоуп абраҟа аҿар рзы аԥсуа иқьабзтә динхаҵара иазкны ахәылԥазгьы амҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0