РУСДРАМ аофициалтә саит аусура иалагеит

© SputnikРУСДРАМ аофициалтә саит
РУСДРАМ аофициалтә саит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атеатр асит РУСДРАМ аусуразы аинформациа ҭбаа иахыҵхырҭахоит, иҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр иаиуит ахатә саит. Абри атәы ҳзааицҳаит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Ҳара ҳзы хаҭала асаит аус аднаулеит Лаша Лазба зхадараҿы дыҟоу аилахәыра Codeworks. Асаит аҟны ицәыргахоит атеатр афишақәа, аспектакльқәеи артистцәеи рзы аинформациа", — иҳәеит Хынҭәба.

Адиректор иажәақәа рыла, асаит аинформациа иахыҵхырҭаны иҟалоит. Иҟоуп гәҭакны онлаин абилеҭқәа рҿаҵара.

Аҟәатәи ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр (анахыс – РУСДРАМ) аартын цәыббра 7 1981 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0