Аԥсны Ахада апрофессор Лапин иеиҳәеит: шәара шәыҩны шәыҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымбеи апрофессор Борис Лапини еиԥылеит
Рауль Ҳаџьымбеи апрофессор Борис Лапини еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба апрофессор Борис Лапин агәра ииргеит Аҟәа иҟоу атерапиеи апатологиеи рексперементалтә Институт аусура ишацнаҵо.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҟәатәи атерапиеи апатологиеи рексперименталтә Институт уаанӡатәи адиректор атәыла Ахада даниҿцәажәоз иҳәеит аибашьра ашьҭахь уажәы хынтәны Аԥсны дшаҭааз. Рауль Ҳаџьымба иакәзар уи аҭакс иҳәеит: шәара шәыҩны шәыҟоуп ҳәа.

"Сара агәахәара снаҭоит шәбара, ара шәыҟазаара. Аԥсны – шәара шәыҩноуп. Аԥсназы иҟашәҵахьоу акыр ишьардоуп, акыр ирацәоуп аинститут иадышәҵахьоу аџьабаа. Иахьа аинститут аҟны шәара ихацшәыркыз аусқәа ирҿуп, еиздырҳауеит. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аинститут ԥхьаҟагьы аҟазааразы", ҳәа иҳәеит Ҳаџьымба.

Борис Лапин иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аинститут аусура иацхраалап ҳәа агәыӷра шимоу.

"Аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы атәыла анапхгара аинститут шгәыгәҭармыжьуа збоит", — иҳәеит Лапин.

Борис Лапин – апрофессор, амедицинатә наукақәа рдоктор, РАН академик.

© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча Рауля Хаджимба с Борисом Лапиным
Встреча Рауля Хаджимба с Борисом Лапиным - Sputnik Аҧсны
1/2
Встреча Рауля Хаджимба с Борисом Лапиным
© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча Рауля Хаджимба с Борисом Лапиным
Встреча Рауля Хаджимба с Борисом Лапиным - Sputnik Аҧсны
2/2
Встреча Рауля Хаджимба с Борисом Лапиным
1/2
Встреча Рауля Хаджимба с Борисом Лапиным
2/2
Встреча Рауля Хаджимба с Борисом Лапиным

1958 — 1992 шықәсқәа рзы Борис Лапин напхгара аиҭон СССР амедицинатә наукақәа Ракадемиа иатәыз Аҟәатәи атерапиеи апатологиеи рексперименталтә Институт.

Ажәабжьқәа зегьы
0