"Агрипп авирус" алхрақәа раамҭазы

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхрақәа
Алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхрақәа ирыдҳәало аӡыргареи, акандидатцәа телехәаԥшрала рықәгылареи, ишиашоу ицо аефирқәа рахь акандидатцәа зегьы рымнеиреи ртәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҳазҭагыло аамҭа алхрақәа ирыдҳәало аӡыргареи, акандидатцәа телехәаԥшрала рықәгылареи ирасакьаҳәымҭоуп. Жәабран 21 инаркны адепутатрахь анеира еиҩаӡо азин рымоуп рхы-рҵыхәа, рнысымҩа атәы зҳәо аӡыргарақәа рцәыргара. Аинтернет адаҟьақәа ракәзар ихҟьоуп иӷьаз-ӷьазуа иҟоу афото зцу афлаерқәеи авидео роликқәеи рыла.

Азин ыҟоуп, ус анакәха идырҵәиуеит. Амала, алхрақәа идыркараз алхыҩцәа ҵәык аларымҵар рушам акәымзар. Аӡыргаратә нҵамҭакәа уамак ибаргәым акандидат изы, уаҟа идгылаҩцәа иқәгыланы, акыр ихыркны ибзырӡы рҳәар ауеит. Иара убас, акандидат ихаҭа иӡыргаратә рҿиараҿы илшоит идеиақәас имоу, Апарламент аҿы днеир "Ажәлар рзы хацәныммырха аусура" дшазыхиоу атәы иҳәарц.

Акәыцҳа - Sputnik Аҧсны
Нҵыра змам аԥсуа кәыцҳа

Арҭ ашықәсқәа зегьы ажәлар ашьцылахьеит акандидатцәа изықәдыргәыӷуа ахьынтә абжеиҭабжа нармыгӡаргьы шалшо. Наџьнатәаахыс акандидатцәа рыпрограммақәа ҳарзааҭгылозар, шамаха зегь еиԥшуп, хәҭаҷқәак реишьҭагылашьа еиқәымшәозаргьы: "Абжьаратәи акласс рыбзазара аиӷьтәра, аулафахәы ашьҭыхра, акоррупциа аҿагылара". Аамҭа цоит, аха абжьаратәи акласс ахаҭарнакцәа рыԥсҭазаара ҽаԥарак иԥаны иҟам, акоррупциа акәзар, уи аҿагыларазы азакәан шыҟоугьы, акоррупциа иҭанархаз ҳәа аӡәгьы иӡбахә ҳаздыруам.

Ус акәзаргьы, атәылаҿы аамҭа-аамҭала алхрақәа мҩаԥысуеит, ажәларгьы ирҭахы ирҭахым уи азҿлымҳара арҭоит. Алхрақәа рымҩаԥгара ирымоуп рхатә ӡыргаратә ԥҟарақәа: алхыҩцәеи акандидатцәеи реиԥыларақәа, абаннерқәа ркыдҵара, авидео ӡыргара, иара убас, ишиашоу ицо аефирқәа аҽрылархәра.

Абарҭ зегь хықәкыс ирымоу — акандидат иидеиақәа алхҩы азҿлымҳара аиҭарц, дигәаԥханы игәра ганы ибжьы ииҭарц ауп. Ҳазҿу аԥҟарақәа рҟынтәи, алхыҩцәа акыр ирызҿлымҳауп ателе-қәгыларақәа. Аԥсуа телехәаԥшра еснагь еиԥш, сынтәагьы имҩаԥнагоит акандидатцәа злахәу ишиашо ицо аефирқәа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Апартиақәеи алхрақәеи

Аӡыргареи арҭ ақәгыларақәеи еиҿҳарԥшуазар, аҵыхәтәантәи апроект аҿы акандидат ицықәгыло дрывагыланы заа изымдыруа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵароуп. Аԥышәеи иақәнагоу адырреи змам изы ари ԥышәара дууп. Аекран деилыкка дунарбоит иполитикхарц зҭаху ауаҩы. Аҳәара уадаҩуп, абжьаҭараҿы арҭ ателе-ефирқәа рнырра ахьынӡаӷәӷәоу, аха уалаҭахыла зыбжьы зымҭиуа рзы акраанагоит.

Сынтәатәи ақәгыларақәа ишаадырԥшуа ала, иҟоуп инеибеиԥшны аҩаӡара бзиа змоу акандидатцәа ахьықәгыло алхырҭатә ҭыԥ хадақәа, иара убас, ихьысҳау акандидатцәа ахьыҟоу. Зыбла ҵару ажурналистцәа ателевизор иадтәаланы иалырҩаауеит иқәгыло рперлқәа: "Адепутатцәеи рпациентцәеи ирлас-ырлсны еиԥылалароуп", "Иҟоуп, ашьаҟақәа реиԥш игыло апроблемақәа"… Арҭ  аурысшәахьтә еиҭагоуп, урысшәала еиҳагьы уарлахҿыхуеит…

Аха, сынтәатәи алхратә теле-қәгыларақәа уаанӡатәиқәа ирыҿҳарԥшуазар, ирыдаҳбалоит иџьаҳшьаша акы. Еснагь еиԥш акандидатцәа зегьы хәыда-ԥсада ирзоужьуп 15 минуҭ ишиашо ицо аефир ала ақәгылара. Аӡә аҳра ирҭон, изнацәкьыск ала мап икуан ҳәа, хәыда-ԥсадатәи аефирқәа рахь имааиуа акандидатцәа рацәаҩхеит сынтәатәи алхратә компаниаҿы.

Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Далырхит – дырхашҭит

Ателевизор иахәаԥшуа алхыҩцәа ирбарҭоуп, ефирцыԥхьаӡа иагу акандидатцәа шыҟоу. Алхрақәа рзакәан ҳазааҭгылозар, акандидат азин имоуп аефир ахь амнеира, аха даҽа ганкахьала, мзыз дук ыҟамзар, уи иаанаго алхҩы иатәамбара акәушәа иҟоуп. Ааи, имариам аоппонентцәа урыдгыланы, аимак –аиҿак злоу аполитика иадҳәало азҵаатәқәа рылацәаажәара, аха идепутатхарц згәы иҭоу ауаҩы, ас еиԥш иҟоу ақәгыларақәа дрызҟазазароуп.

Уажәнатә, аефир мап ацәызкуа, ддепутатхар ихабар алхыҩцәа ирзырбода? Имааиуа зегь ҽыӡгак-ҽыӡгак рымоуп, "ашоура ашьҭыҵра" аԥхьа инаргыланы. Иахьынӡаҳдыруа, алхратә кампаниа аамҭазы агриппа-вирус уеизгьы-уеизгьы Аԥсны иалаҽны иҟам, убри аҟынтә, аҽыӡга еиԥшнушьалоит ари аҭагылазаашьа.

Аефирқәа рыҽрыгдырхоит амчра иадгыло акандидатцәа, иара убас, аоппозициа ҵәатәышьаҟас иамоугьы. Азҵаара уадаҩқәа ирыцәхьаҵуа акандидат, абжьы иҭара уамак агәахәара инаҭарым иара усгьы икарахаз алхҩы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0