Аус зуа анацәа рзы аԥаратә цхыраагӡақәа ирыцлоит

© Sputnik / Тарас Литвиненко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАус зуа анацәа рзы аԥаратә цхыраагӡақәа ирыцлоит
Аус зуа анацәа рзы аԥаратә цхыраагӡақәа ирыцлоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аусура ахьчареи рфонд аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аус зуа анацәа рзы аԥаратә цхыраагӡақәа 2017 шықәса рашәарамза инаркны 50% ацлоит иҳәеит 2016 шықәса хәажәкыра 6 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аусура ахьчареи рфонд ахантәаҩы Амиран Какалиа.

"2017 шықәсатәи абиуџьет апроект иаҳнаҭоит алшара аус зуа анацәа рзы есымзатәи ацхыраагӡатә шәарақәа ҩ-нызқь мааҭ рҟынтәи х-нызқь мааҭ рахь ахагалара. Агәра аагоит афонд ахахьы иаго ахыдҵақәа рынагӡара алшап ҳәа", — иҳәеит Какалиа.

Иара иазгәеиҭеит арҭ ашәарақәа 2016 шықәса рзы зықь мааҭ аҟынтәи ҩ-нызқь мааҭ рахь ишхагалаз.

Какалиа ишиҳәаз ала 2016 шықәса рзы афонд 647-ҩык анацәа аԥаразоужьра рызнауит.

Ажәабжьқәа зегьы
0