Даур Кобахиа: аушьҭырҭатә ҭыԥқәа раркразы аӡбра еиҭакхаӡом

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа-ақырҭуа ҳәаа
Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Отобаиа" "Набакиа" официалла раркра ацеремониа мҩаԥысит ашәахьа, хәажәкыра 6 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ҩба раркра алацәажәарақәа хыркәшахеит, аҭагылазаашьа ззеиҭаҳәаз ауаа рыҽдырҭынчит, иҳәеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Даур Кобахиа.

"Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит аӡбра даара ишәаны-изаны ишҳадаҳкылаз. Уи аиҭакра шыҟамло. Аҭагылазаашьа зызнаагаз ауаа рыҽдырҭынчит", — иҳәеит иара.

Кобахиа иажәақәа рыла Отобаиеи еи иҟаз аушьҭырҭатә ҭыԥқәа русура аанкылахеит хәажәкыра 5, ахәылбыҽха. Хәажәкыра 6 рзы имҩаԥысит урҭ официалла раркра ацеремониа. Ацеремониа иалахәын ақалақь Ахадара, аҳазалхратә маҵзура, аҳәаахьчаратә маҵзура рхаҭарнакцәа.

2012 шықәса ԥхынгәы 10 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара арҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа аамҭалатәиқәа ракәны иаанартит.

Дара аус рулар акәны иҟан аушьҭырҭатә ҭыԥ хада "Егры" аинфраструктура еиҿкаахаанӡа, иахәҭоу мыругала еиқәыршәахаанӡа. Арҭ ауснагӡатәқәа азырхоуп аԥсуа-қырҭуа ҳәаа адунеижәларбжьаратә стандартқәа ирықәшәо аиҿкаара, аиҳаракгьы Гал араион аҟны инхо ауааԥсыра ршәарҭадаразы еиԥш Аԥсны ауааԥсыра зегьы рызгьы.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны Набакиеи Отобаиеи роушьҭырҭатә ҭыԥқәа аркхоит. Аха иара убри аан ақыҭа Папынырхәаҿ иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥи ЕгрыГЕС амаҵ ауразы ҷыдала рхы иадырхәо аушьҭырҭатә ҭыԥи русура иацырҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0