Акандидатраз аԥышәара

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахыркәшарахь инеиуа алхратә компаниа аихшьаалақәак дырзааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ахыркәшарахь инеиуеит 138–ҩык акандиадатцәа злахәу алхратә кампаниа. Маҷк ауп инхаз, абиуллетенқәа апластиклых кәыцҳа аҭаршәра аамҭазы. Адепутатрахь амҩа иану телехәаԥшралатәи рықәгыларақәа ирыцклаԥшуа игәеимҭарц залшом, ишиашоу ицо аефирқәа зхы нархызга-аархызго шырацәаҩхаз. Ус акәзаргьы, ақәгылара згәаӷьыз ртәы ҳазааҭгылозар, иазгәаҭатәуп, аоппозициа ахаҭарнакцәа рцәажәара-адунеихаан амчра ааигәара имнеиц аҟазшьа аманы, еиҳарак амчра акритика ду азурала ишеиҿкаау.

Акәыцҳа - Sputnik Аҧсны
Нҵыра змам аԥсуа кәыцҳа

Амчра иахаҭарнаку акандидатцәа ртәы ҳҳәозар, роппонентцәа ирыдгыланы аефир ахь ианцәырымҵуа ыҟоуп, рҿахәы зҳәарц зыхәҭоу дызусҭоу узеилымкаауа?! Иџьоушьаша, аоппозициаа иреиуоугьы ақәгылара мап анацәыркуа ыҟоуп. Алхрақәа аҽрылархәра азин змоу апартиақәа ҳарзааҭгылозар, хыԥхьаӡарала зегьы иреиҳаны акандидатцәа ықәнаргылеит, зегь реиҳа иқәыԥшу апартиа "Аинар" (8-ҩык).

Аоппозициатә партиа "Амцахареи", амчра иатәу "Форуми" иқәдыргылаз еибакапануеит (7-ҩык). Ауаажәларра иазгәарҭоит, ҳпартиақәа рхыԥхьаӡара маҷымзаргьы, рымчқәа макьана ишкәадоу, программалагьы еиндаҭлара дук шрымам.

Иааидкыланы уахәаԥшуазар, иқәгыло зегьы алацәажәоит "акоррупциа шынкылатәу, амчратә структурақәа шырӷәӷәатәу, аинвестор Аԥсны даарцаз аҭышәынтәалара шаҭаху". Ас еиԥш иҟоу ахәамҭақәа хә-шықәса раԥхьатәи алхрақәа раамҭазгьы иактуалтәын. Аха, иахьатәи ариторика зеиԥшроу ала, азҵаатәқәа рӷьырак ӡбаӡам, убри аҟынтә, аполитикатә олимп амаа зкырц зҭаху зегьы, абарҭ иҷыдоу азҵаатәқәа шьҭырхуеит, даҽазныкгьы алхҩы абжьаҭара даланаргарц азы.

Зегь реиҳа иалкаатәу акакәны иҟоуп, иахьа аус зуа Апарламент адепутатцәа рахьынтә, сынтәагьы Жәлар реизараҿы аҭыԥқәа ргаразы 35-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 28-ҩык шықәгылоу. Иргәаԥхаӡеит Апарламент аҿы аусура. Аха, ҳаԥсҭазаара азҵаатәы хадақәа шықәгылац иқәгылоуп ҳамҳәозар…

Алхрақәа - Sputnik Аҧсны
"Агрипп авирус" алхрақәа раамҭазы

Сынтәатәи алхратә аамҭа иаанарԥшит, ихадоу зҵаатәык — акандидатцәа рзеиԥш ҩаӡара. Аӡәаӡәала зегь рнысымҩа уахәаԥшуазар, игәоумҭарц залшом, шамаха зегьы иреиҳау аҵариурҭақәа ишрылгахьоу, уимоу, ҩ-дипломк змоугьы уԥылоит. Аха — анырҳәо, гәынамӡароуп иаанаго.

Аха, иумбарц залшом, зеиԥш ҩаӡара хьысҳау, Апарламент зызку, уи напынҵақәас иамои иԥсыҽны еилызкаауа, аха адепутатра иазгәышьуа шыҟоу. Алхрақәа ирыцклаԥшуа ауаа, еиҳаракгьы аинтернет ахархәаҩцәа, иалацәажәо иалагеит акандидатраз иқәгыло рзы, ҳаԥхьаҟа аԥышәарақәа рымҩаԥгара ахәҭаны ишырыԥхьаӡо. Ииашаҵәҟьаны, ус иҟалар, ҩаӡарала адепутатра иазааигәам акандидатцәа алхратә кампаниа иканаԥсар ҟалоит, усҟан, алхҩы иоуан алшара, иреиӷьу рҟынтәи иреигьу ралхра.

Аҵарауаҩ Олег Дамениа Аԥсуа телехәаԥшраҿы данықәгылоз абри азҵаатәы азы иазгәеиҭеит "аԥышәарақәа ыҟазар, иқәгыло 138-ҩык рахьтә, 38-ҩык мацара нхаргьы ауеит" ҳәа. Аԥышәа змоу аексперт, ари баша иҳәарымызт, избанзар, Олег Нестор-иԥа ибзиаӡаны идыруеит "ахьтәы парламент" ззырҳәо. Абарҭ азҵаатәқәа рышьҭыхра, иалаҳхраны иҟоу Апарламент аҿаԥхьа ишьҭоуп, амала алхрақәа рышьҭахь агәхашҭра ҟамлар. 

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Ақьаад ианхалаз азакәан

Сынтәатәи алхрақәа раамҭазы, даҽа зныкгьы абызшәатә политика ҳазааҭгылозар, иаҳбоит "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" шеилагоу. Зеиԥшла ахҳәаа азаҳуазар, акандидатцәа рӷьырак ирыздырӡом аҳәынҭқарратә бызшәа. Ҽыӡгас иҟоу, иаҳхысыз ашықәс азы, Жәлар реизара "алхрақәа рзы азакәан" аиҭакрақәа аналанагалоз иалнамкааит "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" 2-тәи ахәҭаҷ аҿы Жәлар реизара адепутат Аҳәынҭқарратә бызшәа идыруазароуп ҳәа иану азы аԥышәарақәа шеиҿкаатәу.

Алашә ииҭаху ҩ-блакы. Ари збаз зегьы, абызшәа азакәан лажәхырԥа азуны, адепутатрахь амҩа иқәлеит. Ацентртә алхратә комиссиа аусура ҳазааҭгылозар, азакәантә лшара амам, абызшәатә ԥышәара амҩаԥгаразы. Убри аҟынтә, Апарламент ҿыц аҿы аҭырџьманцәа рзанааҭ ахархәара аманы иҟалашт, Жәлар реизара адепутатцәагьы дара-дара даҽа тәылак аҳәынҭқарратә бызшәа рхы иадырхәалоит русураҿ. Сгәы иаанагоит, ари азҵаатәы аҿы, аԥсуаа иаҳԥырхаго уаҩ дыҟам ҳәа. Иаҳԥырхагоуп — ихьысҳау ахдырра.

P. S

Иазгәасҭарц сҭахуп, аканидатцәа рахьынтә, аҳәынҭқарратә бызшәа ибзиаӡаны издыруа, Апарламент напынҵас имоу еилызкаауа, аҵара бзиа змоу шыҟоу. Аха, ус еиԥш иҟоу рымҩа иаԥгылоуп азакәан иахыԥан адепутатрахь инеирц зҭаху… 

Автори аредакциеи ргәаанагарқәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0