"Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" аҿартә театр аҟны иқәдыргылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" аҿартә театр аҟны апремиера
Ажьақәеи арқьымаҭқәеи аҿартә театр аҟны апремиера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿартә театр асезон ҿыц аанартуеит Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа лықәыргыламҭа "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" ала.

АҞӘА, хәажәкыра 10 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Фазиль Искандер иҩымҭа "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит хәажәкырамза 9 рзы аԥсуа драматә театр асценаҟны. Абри аповест иалхны аспектакль Софа Агәмааԥҳа шықәсқәак раԥхьагьы иқәлыргылахьан. Уажәтәи ақәыргыламҭа ААУ актиортә ҟазара афакультет аушьҭымҭацәа рзы дипломтә усумҭоуп.

Аспектакль ахҭысқәа мҩаԥысуеит африкатә тәылак аҿы. Уаҟа амаҭқәа ажьақәа рфоит. Аханатә инаркны арқьымаҭ Косоии иара иқәыԥшу аиашьеи реицәажәарала ҳара иаабоит Питон Ду зхагылоу арқьымаҭқәа раҳра аҭоурых. Арҭ реицәажәара аҳауеит жьак. Акыр ианхәыц ашьҭахь иара еилнакаауеит зегь зыхҟьо ажьақәа ахьшәо шакәу. Абри атәы иара Акрал иазеиҭанаҳәоит, аха уи агәаанагарала ажьақәа рхара ду: ахәылеиларҳә, аҟәыд, агәырҟәыд уҳәа ахьырӷьычуа аҭакс шакәу дара нас амаҭқәа изрыхәхо.

"Иазгәасҭар сҭахуп актиорцәа рыхәмарра. Урҭ оумашәа ианааланы инарыгӡоит ррольқәа, рфырхацәа рҟазшьақәа ныҭкааны иаадырԥшуеит. Иазгәасҭар сҭахуп арежиссиор афилософиатә ҵак дуӡӡа зҵоу арҿиамҭа аарԥшра шьахәла ишилшаз", — иҳәоит атеатр актиор Сырбеи Сангәлиа.

Ақәыргыламҭа ахәшьара ҳарак алҭеит аҟазараҭҵааҩ Светлана Қорсаиаԥҳагьы.

"Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" аамҭа-аамҭала уззыхынҳәлаша рҿиамҭаны иҟоуп. Еиуеиԥшым асахьаҭыхыҩцәа, арежиссиорцәа, актиорцәа еиуеиԥшымкәа еилыркаауеит, ирыдыркылоит. Иахьатәи аспектакль акәзар, Аԥсуа драматә театр аҟны иқәдыргылаз аспектакль еиԥшӡам, аҽакуп. Даара исгәаԥхеит актиорцәа ҿарацәа рыхәмарра", — лҳәеит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля "Кролики и удавы"
Премьера спектакля Кролики и удавы - Sputnik Аҧсны
Премьера спектакля "Кролики и удавы"

Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа иазылыԥхьаӡоит атеатр актиорцәа рҿаԥхьа иқәгылаз аус ишахәҭаз еиԥш анагӡара рықәҿиеит ҳәа.

"Сара ари арҿиамҭа Искандер иҩымҭақәа иаарылукаауа акакәны сахәаԥшуеит. Ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжьқәа агәра сдыргеит аспектакль шҳақәҿиаз. Ҳара иазгәаҳҭеит иахьатәи аамҭазгьы усеиԥш иҟоу ажьақәеи амаҭқәеи шуԥыло аԥсҭазаараҟны – ахәаԥшҩы ҳаиликааит", — лҳәоит Агәмааԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля "Кролики и удавы"
Премьера спектакля Кролики и удавы - Sputnik Аҧсны
Премьера спектакля "Кролики и удавы"

Фазиль Искандер иҩымҭа "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит хәажәкырамза 9 рзы аԥсуа драматә театр асценаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0