Урыстәыла аҟынтәи анаԥшҩы: алхыҩцәа абжьыҭира рааира бжьаратәуп

© Sputnik Бадри ЕсиаваХәажәкыра 12 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Жәлар Реизарахь алхрақәа
Хәажәкыра 12 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 12 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит Жәлар Реизарахь алхрақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 12 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Ацентртә алхратә комиссиаҟынтәи анаԥшҩы Васили Лихачев дырҭааны ибеит иакымкәа-иҩбамкәа алхырҭатә ҭыԥқәа, ахәшьара аиҭеит абжьыҭиҩцәа рнеира.

Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сахьахәаԥшуала ауаа рааира бжьаратәуп. Аха шьыжьнаҵы ақәа леиуан", — иҳәеит Лихачев.

Иара иазгәеиҭеит абжьыҭира ҳәа аҿар рацәаны ишнеиуа.

"Иазгәасҭеит аҿар рырацәара. Сзыҿцәажәаз ыҟоуп. Урҭ изҳәо здыруа ракәны избеит", — иҳәеит иара.

Лихачев иара убасгьы иазгәеиҭеит азинхьчаратә органқәа русура бзиа. Иара иажәақәа рыла згәаҭарақәак имоу аиҳарак атехникатә ҟазшьоуп изҵазкуа.

"Алхыҩцәа еиҳа рааира ара иазыԥшуп 12.00 — 13.00 рзы", — иҳәеит Лихачев.

Ажәабжьқәа зегьы
0