82-шықәса зхыҵуа абжьыҭиҩы: сара салхра смоҭацәа рԥеиԥшоуп

© Sputnik Амра Амичба82-шықәса зхыҵуа Анатоли Лашәриа
82-шықәса зхыҵуа Анатоли Лашәриа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы.

КӘТОЛ, хәажәкыра 12 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Кәтолтәи алхратә округ аҟны алхрақәа маншәаланы имҩаԥысуеит. Абжьыҭиҩцәа ааира иаҿуп? ҳәа ҳкорреспондент илеиҳәеит алхратә комиссиа ахантәаҩы Михаил Агрба.

Абжьыҭиҩцәа еишьҭагыланы анеира иаҿуп. Зегьы ирҭахуп атәыла аполитикатә ԥсҭазаара аҽалархәра.

82-шықәса зхыҵуа Анатоли Лашәриа иҳәоит сыхьӡ асиақәа ирыннаҵы, сыԥсы ҭанаҵы абжьыҭирахь снеиуеит ҳәа.

"Сышԥамнеиуеи абжьыҭирахь? Сара иахьа иҟасҵо уаҵәы смоҭа ихәоит. Исҭахуп Аԥсны шәҭыкакаҷырц, иҿиарц, еизҳарц. Иаԥсоу ауаа алхтәуп", — иҳәеит абырг.

Кәтолаа, аиҳәшьцәа Линдеи Макеи Мебониаԥҳацәа абжьыҭирахь иааиит. Урҭ хаҭала акандидатцәа аӡәгьы дрыздырамызт, аха еиӷьуп ҳәа ргәы иззаанагоз изы рыбжьы рҭиит.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ибжьы иҭиит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ибжьы иҭиит

Жениа Кардановеи Цамули Дочиеи ирҳәоит ателехәаԥшрала ицоз адебатқәа шракәу анырра рызҭаз. "Ателехәаԥшрала иҳәаз аԥсҭазаараҿ имҩаԥгахар, зегь бзиахоит", — лҳәоит Жениа.

Кәтолтәи алхратә ҭыԥ акомиссиа ахантәаҩы Индира Амҷԥҳа илҳәеит аиарҭа иамоу рзы ҷыдала аурна шазырхиоу.

Михаил Агрба ишиҳәаз ала ари алхрҭатә ҭыԥ аҟны ашәҟәы иануп 2507-ҩык ауааԥсыра.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0