Приднестровиатәи анаԥшыҩцәа алхрақәа рыхә ҳаракны иршьеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа
Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша, хәажәкыра жәаҩа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа зегьы имҩаԥысит Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа.

Гәдоуҭа, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Приднестровиантәи Аԥсны иааны иҟоу анаԥшыҩцәа алхрақәа рымҩаԥысшьа рыхә ҳаракны иршьеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент иалҳәеит Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Елена Городецкаиа.

"Ҳара ҳаҟан Афон Ҿыц, Гәдоуҭа, Аҟәа. Макьаназы иарбанызаалак еилагарак ҳамбацт. Даара еиҿкаарыла имҩаԥысуеит алхрақәа", — лҳәоит Городецкаиа.

Лара лажәақәа рыла дара ирыман аҭагылазаашьа адепутатцәа рхаҭарнакцәа ирыҿцәажәарц. Урҭгьы иазгәарҭеит аилагарақәа аҭыԥ шрымам.

Елена Городецкаиа илҳәеит акандидатцәа рыбжьара аиндаҭлара даара ҳаҭыреиқәҵарыла имҩаԥысуеит ҳәа.

Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә лхрақәа ирылахәуп 137-ҩык акандидатцәа. Урҭ рҟынтәи 25-ҩык аполитикатә партиақәа рҟынтәи иқәгылоуп.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0