Гагра араион алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны аҩбатәи атур мҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГагра араион алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны аҩбатәи атур мҩаԥысуеит
Гагра араион алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны аҩбатәи атур мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥысуеит.

ГАГРА, хәажәкыра 13 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион, алхратә ҭыԥ хадақәа рыхәбагьы рҟны хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысит Апарламент ахь алхрақәа. Ҩымчыбжь рышьҭахь алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа рҟны имҩаԥысуеит алхрақәа аҩбатәи атур.

9-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны хҩык акандидатцәа Беслан Гәбази, Беслан Смыри, Дауҭ Хәытабеи рахьтә ҩыџьа аҩбатәи атур ахь инеит.

"Ҳара ҳалхратә ҭыԥ хадаҟны Беслан Смыр 586 бжьы ирҭеит Дауҭ Хәытаба-842. Убри алагьы рыҩџьегьы аҩбатәи атур ахь инеит", — лҳәеит 9-тәи алхратә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Ирма Чамагәуаԥҳа.

Аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит 12-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿгьы.

ҩбатәи атур 23 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
12 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы адепутатцәа алырхит

"Асҭамыр Қьецба алхыҩцәа 960 бжьы ирҭеит, Александр Ҵышәба 775 бжьы. Дара рыҩџьегьы рзы абжьыҭира еиҭамҩаԥысуеит ҩымчыбжь рышьҭахь", — азгәеиҭеит 12-тәи алхратә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы Даур Шамба.

13-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит Галуст Трапизониани Левон Дашьиани рыбжьара.

"Галуст Трапизониан алхыҩцәа ирҭеит 509 бжьы, Левон Дашьиан 775", — ҳәа ҳаилиркааит 13-тәи алхратә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Григори Каспариан.

Актәи атур аҟны 10-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны Апарламент ахь ажәлар рыгәрагара даԥсахеит Иури Ҳагәышь, 11-тәи алхратә ҭыԥ хадаҟны Асҭамыр Аршба.

Гагра араион аҟны сиала иарбаз 26 477 алхыҩцәа рахьтә, абжыҭира инеит 12 966-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0