Аԥсны ААК: алхратә ҭыԥ № 17 аҿы аиҭалхрақәа мҩаԥысуеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГәдоуҭатәи 17-тәи алхратә ҭыԥ аҿы имҩаԥысуеит аиҭалхрақәа
Гәдоуҭатәи 17-тәи алхратә ҭыԥ аҿы имҩаԥысуеит аиҭалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацентртә алхратә комиссиа Апарламент ахь алхрақәа рзы аамҭалатәи аихшьаала ҟанаҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik, Бадраҟ Аҩыӡба. Гәдоуҭатәи 17-тәи алхратә ҭыԥ аҿы имҩаԥысуеит аиҭалхрақәа, абри атәы иҳәеит Аԥсны ААК ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа, Апарламент ахь алхрақәа рзы аамҭалатәи аихшьаалақәа ахьыҟарҵоз.

ААК ахантәаҩы иажәақәа рыла, 17-тәи алхратә ҭыԥ аҿы иқәгылаз акандидатцәа иахәҭаз абыжьқәа рзымгеит.

"Раԥхьа иҳауз аинформациа ала, Леонид Лакербиа депутатс далхуп ҳәа ҳзаарыцҳаит, аха анаҩс абыжьқәа инҭкааны ианырыԥхьаӡа еилкаахеит урҭ шизымхаз", — ҳәа ациҵеит иара. 

Адепутатраз акандидат иштаб агха шроуз атәы рҳәеит, ҳәа азгәеиҭеит Гәагьиа. Аиҭалхрақәа ррыцхә азакәан инақәаршәаны еилкаахоит ҩымчыбжьы рыҩныҵаҟа.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы.

Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. 

Ажәабжьқәа зегьы
0