Абга егьа аҿоуҵаргьы, абнахь иԥшуеит мамзаргьы - апротесттә бжьыҭара

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАпарламент ахь алхрақәа
Апарламент ахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар реизарахь алхрақәа актәи атур хыркәшоуп, урҭ иаҳзааргази ԥхьаҟа иаҳзаԥшуи ртәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Sputnik

Алхҩы дааԥсеит ҳҳәозаргьы, Жәлар реизарахь алхрақәа рымҩаԥысшьа иацклаԥшуа игәеимҭарц залошм, иааџьоушьаратәы ауаа агәацԥыҳәара шаадырԥшыз. Даҽа ганкахьала, алхрақәа рахь амнеира алхҩы уеизгьы-уеизгьы инаҭозеи? Ҳтәылаҿы аамҭа-аамҭала имҩаԥысуа алхрақәа ҳабиуџьет азын ихьанҭаханы иҟоуп, уажәтәиқәа 15 миллон рҟынӡа рыхҭынҵоуп, убри аҟынтә, ирҭахы-ирҭахым, алхыҩцәа акәыцҳақәа ахьгыло алхырҭатә ҭыԥқәа рахь рҿынархоит.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Акандидатраз аԥышәара

Иаҳнарбазеи раԥхьатәи алхратә мшы. Иалху 12-ҩык адепутатцәа рсиа ҳахәаԥшуазар, иҳамбарц алшом, амчратә партиа иқәнаргылаз, мамзрагьы, амчра зыдгылоз акандидатцәа аԥыжәара шрымам. Актәи атур ала даиааит аоппозициаа рҵәатәышьаҟа Александр Анқәаб, иара убас, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аоппозициатә кандидатцәа аԥхьагылара рыманы иахьыҟоу ыҟоуп. 

Зегь раԥхьаӡа иргыланы, иазгәаҭатәуп, апартиақәа зехьынџьара акандидатцәа рықәыргылара азин шрымоугьы, уи алшара инагӡаны зхы иазырхәаз шыҟам. Амчратә партиа акәзар, иалымшеит 35–ҩык рыӡбахә аҳәара. Имҩаԥысуа ахҭысқәа иашаҳдырбо ала, алхыҩцәа иахьатәи амчрахь ирымо агәынамӡара иалҵшәазар ҟалоит, уаанӡеиԥш адгылара ахьрырымҭаз уи иқәнаргылаз акандидатцәа.

Аҳәара уадаҩуп макьана аҩбатәи атур алҵшәақәа зеиԥшрахо, аха апротесттә бжьыҭара угәаланаршәоит иахьатәи аҭагылазаашьа. Апартиа "Форум" аоппозициа ианыҟаз адгылара ду аман, иқәнаргылоз ркандидатцәа рхыԥхьаӡарагьы еиҳан. Алхрақәа рылҵшәақәа рыла усҟан дара рхаҭарнакцәа апарламент аҿы еиҳамзаргьы, аоппозициатә депутатцәа қәҿиарала аус руан.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Апартиақәеи алхрақәеи

Қырҭтәыла атәылауаа аԥсуа паспорт рызшара азҵаатәы цәырызгаз, нас уи апроцесс ааныркылартә иҟазҵазгьы дара роуп. Аха, 2014 шыкәсазы апартиа амчрахь ианааи, "ажәлар реидкылара" ҳәа хьӡыс изманы рхада Рауль Ҳаџьымыба ишьҭихыз аидеиа, аганахь иканаԥсеит "Форум" апрограмма иадгылоз ауаа. Апрезидент икомандаҿы ихадоу аҭыԥқәа ааныркылеит, ԥхьатәара ицаз амчра иазааигәаз маҷҩымкәа. Абга егьа аҿоуҵаргьы, абнахь иԥшуеит рҳәоит аԥсуаа. 

Иахьатәи амчра акадртә политика уазааҭгылозар, уеизгьы-уеизгьы уахыҽхәаратәы иҟам, апрофессионализм ҳәа изышьҭоу аԥыжәара амоуп узҳәом. 

Алхҩы акалашәа дшоуп, 10 шықәса амчраҿ иҟаз, иахьа аоппозициа агнахь иҟоу акандидатцәа, уаанӡатәи рыбҩарақәа аархашҭны, уажәтәи алхрақәа рҿы рыбжьқәа уахьтәи аганахь иҭадыршәит. Ари иаанаго, ауааԥсыра иззыԥшыз аиашареи, азакәан ақәныҟәареи рбом.

Уажә аабыкьа, хәажәкыра 4 2017 шықәсазы ауаажәлар ирбарҭахеит Аҟәа ақалақь амилициа аусбарҭаҿы ихысуаз Алхас Хәарҵкиа ԥынгыла имамкәа дышцаз, иахьанӡагьы уи иҭакразы ажәабжьгьы шыҟам, иара убас, 2016 шықәсазы Аԥсны Аҩныуҵҟатәи аусқәа рминистрра иажәлаз ауаа ахьырхәым, иара апаспортизациа аус 140 том иргәылагӡаны иахьа уажәраанӡа аӡбарҭаҿы иӡбамкәа ишьҭоуп. Абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ауаа ргәыӷрақәа ҭанарбоит, амчра адгылара ргәы ахнаршәоит…

Аиааира ашьҭахь, амчра еснагь иԥсасиуеит, уаанӡатәи аидеиақәа рықәныҟәара акәымкәа, уалаҭахылатәи аган ала азҵаатәқәа рыӡбара амҩа шьҭнахуеит. Абарҭқәа ирыхҟьаны иазҳауеит апротесттә електорат ҳәа ззырҳәо рхыԥхьаӡара. 

Аҩбатәи атур аҿы хымԥада иҟалашт аиндаҭлара ду. Ииашоуп, аекспертцәа ишазгәарҭо еиԥш, уи аидеиақәа реиндаҭлара иацәыхароуп, аха, макьана аԥсуа лхрақәа рҟазшьа ус иҟоуп, апартиақәа рымчқәа ӷәӷәахаанӡа. 

Жәлар реизарахь алхрақәа рымҩаԥысшьа аҟазшьа ҳахәаԥшуазар, акыр иҭынчран, ауҟьанчаҟьан бжьы ацмызт. 

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0