Никәала Кәыҵниа: ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа дрықәнаго дыҟазароуп

© Fotolia / KaraАшәҟәқәа
Ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы Никәала Кәыҵниа иира амш аҽны дазааҭгылеит ирҿиаратә мҩа дшалагаз.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ахәбатәи акласс инаркны

— Сара ажәеинраалақәа сааизар изыҩуазшәа сыҟоуп. Ахәбатәи акласс аҟны сантәаз инаркны ажәеинраалақәа сыҩуеит. Раԥхьа изҩыз ажәеинраалақәа ыӡхьеит, исеиҩсыжьхьеит. Ҳәарас иаҭахузеи урҭ зегьы еиқәхомызт. Тематикала еиуеиԥшым изыҩуа ажәеинраалақәа. 50 шықәса раԥхьа изҩыз ажәеинраала акы алкаан егьи снахар сҭахым, исзеиԥшуп. Раԥхьатәи сажәеинраалақәа ажурнал "Алашара" ҿыц аҭыҵра ианалага аҩбатәи аномер аҟны акьыԥхь рбеит. Изкьыԥхьызгьы Алықьса Лашәриа иоуп. Усҟан иара аус иуан Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны, ажурнал "Алашара" аҟны. Ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа ҳахьнеиз ԥыҭҩык ҳажәеинраалақәа ҳаман иара иҿы, убра ҳаирԥхьеит. Нас иреиӷьыз жәеинраалак алихын икьыԥхьит. Уинахыс лассы-лассы ажәеинраалақәа скьыԥхьуа салагеит. 

Рауль Ҳаџьымба замш иира ыҟоу ашәҟәыҩҩы Никәала Кәыҵниа дидыикылеит - Sputnik Аҧсны
Ашәҟыҩҩы Кәыҵниа: иҭыжьым сҩымҭақәа ркьыԥхьра сазгәыкуеит

Сышәҟәыҩҩхеит

— Сышәҟәыҩҩхар ауп ҳәа аӡәгьы иаԥхьа азҵаара ықәиргылаӡом. Уи ҟалашьа амаӡам. Уи арҿиара ада ԥсыхәа имамкәа даныҟалалак, аԥсҭазаара ахаҭа иҵанаҳәоит. Убриала ирҿиарамҩа данылоит, заа иазԥхьагәаҭаны изышьақәыргылаӡом.

"Сара сҽыжәлеит"

— Исзааиз ажәеинраалақәа еиқәырҷабны ианысҵон, нас хәыҷы-хәыҷла ашәҟәы аҩра аҟынӡа саннеи, еилысхит. Сара раԥхьатәи сышәҟәы 1964 шықәса рзы иҭыҵит. Убра ианысҵеит усҟантәи аамҭазы исымаз иреиӷьыз ажәеинраала "Сара сҽыжәлеит" ҳәа хыс иаманы. Уи анҭыҵ ашьҭахь исгәалашәоит Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны ианахцәажәоз, исарҳәоз ажәақәа. Аԥхьатәи сышәҟәы аҭыҵра даара аҵакы ӷәӷәа амоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Даара уеигәырӷьоит, иҵегьы ак ҟасҵандаз ҳәа уҟалоит. Анаҩс иҭыҵқәаз уҩымҭақәа еиҳа уҽырҭынчны  иудукылоит. Сажәеинраалақәа еидкыланы ашәҟәқәа ҭыҵхьеит. Сҩымҭақәа реизга томла иҭыҵхьеит. Иҟоуп иҭсыжьырц исҭаху сҩымҭақәагьы.  

Ахатә аамҭа

— Ажәеинраалақәа абригьы-абригьы аамҭазы изҩыроуп ҳәа узҳәом, уи иара аамҭа, аԥсабара уахьалагылоу, амҩа уахьықәу, уахынла амза ухаҷҷо ашҭа уаннықәло уҳәа ианузцәырҵуа аҿҳәара анааиуа уздырӡом. Ажәеинраалақәа зегьы рира ахатә ҭагылазаашьа рымоуп. Иаҳҳәап, инеиҵыху ак уҩуазар, сара ароманқәагь сымоуп уи еиҳа аҽазыҟаҵара аҭахуп. Сара изҩыз сҩымҭақәа зегьы сзеиԥшуп, ухәыҷқәа зегьы шузеиԥшу еиԥш. Сара изыҩуа иарбанзаалак исҭахны садтәалазароуп акәымзар, ус мчыла акагьы сзыҩӡом. Ажәабжь зыҩуазаргьы, убри ажәабжь сымҩыр ада ԥсыхәа сымамкәа сыҟазар ауп. Иаҳҳәап, аибашьра анцоз романк зҩит, уи ауаҩы далацәажәозар, даара акрахыуҳәаартә иҟоуп. Избанзар, сара  уи зҩыртә еиԥш аҭагылазаашаь зынӡагьы исымаӡамызт, сазыҟаҵаӡамызт. Аха, иара сымҩыр ада ԥсыхәа аныҟамла, ахьҭа сшакуаз, абри снапқәа сымшәаан ишцоз, изҩит зегь акоуп. Акы саргәаҟны исгәыҵхоз аныҟала изҩит.

Сгәы иҵхо

— Сгәы иҵхо, сзыргәаҭеиуа, исымҳәар ада ԥсыхәа сымамкәа исымпыҵахаз, убри иара ахала снаган сартәоит, убри аус адызулоит. Абри аамҭа иҭагӡаны изҩып ҳәа ҟалашьа амаӡам иарбанзаалак акагьы. Сара сроманқәа акы зҩит Пицунда, ҩымз рыла изҩит, роман дууп. Аха, иара зҩаанӡа ароман хианы схы-сгәы иҭан, аԥхьатәи аҳәоу инаркны, аҵыхәтәаны сызлалгоз аҳәоу аҟынӡа. Иагәылсны ицоз афырхацәа зегьы здыруан. Уи уҿанынаухалак амҩан акырџьара аҽаԥсахуеит, аха ус сазыҟаҵан убриаҟара, снатәаны  аӡә дысԥырхагамхакәа аҩрада уаҳа ус сымаӡамызт. Иаарыцқьаны 40 мшы рыла изҩит. Сҩымҭақәа зегьы схәыҷқәа роуп, еиԥшны егьа сырзыҟазаргьы, иҟоуп лассы-лассы снаргәылаԥшландаз ззысҳәақәо сажәеинраалақәа, сажәабжьқәа, сроманқәа.

Ҭырқәтәылатәи анҵамҭақәа

— Сара Ҭырқәтәыла сцахьеит. Анҵамҭақәа рацәаны исыман. Рыцҳарас иҟалаз аибашьра ианалага, Аҟәа салахан сшыҟаз агвардиа иалахәқәаз сыхьӡеит… Убасҟан сыстол иқәын Ҭырқәтәылантәи иаазгаз анҵамҭақәа, убарҭ инарыдкыланы егьырҭ санҵамҭақәагьы суадақәа ирылаблит. Даараӡа сгәы иалоуп, сымшынҵақәа сзышьақәмыргылаӡеит, аха исгәалашәақәоз рыла изыҩқәаз ыҟоуп. Адунеи атәылақәа зегьы срыкәымшахьазаргьы, сахьыҟақәаз маҷым. Избаз-исаҳақәаз ирылхны изыҩқәазгьы ыҟоуп хымԥада. Ашәҟәыҩҩы зегь раԥхьа иргыланы дуаҩызароуп, иҩымҭақәа дрықәнаго дыҟазароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0