Тотоонов: ҳмиссиа қәҿиарала инаҳагӡеит

© Sputnik Томас ТхайцукУрыстәыла Афедерациа Ахеилак ахаҭарнак Александр Тотоонов
Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахаҭарнак Александр Тотоонов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиаҟны алхрақәа реихшьаалақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиаҟны имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахаҭарнак Александр Тотоонов иҳәеит ҳнап ианҵаз аус қәҿиарала имҩаԥаагеит ҳәа.

"Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рҟны наԥшыҩцәас ҳҟаларц азы ааԥхьара анҳау ашьҭахь ҳнап ианны иҟаз аус қәҿиарала инаҳагӡеит", — иҳәеит Тотоонов.

Иара иажәақәа рыла аделегациа алахәылацәа рхыԥхьаӡара шырацәамызгьы Александр Тотоонови иара иҩызцәа хҩыкит алхрақәа рымш аҽны ирҭаан ирбеит 21 алхратә ҭыԥ.

Убри аан еилагара ҳәа акгьы азгәарымҭеит.

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа рыла 12 округ рҟны адепутатцәа алхуп, 22 округ рҟны аҩбатәи атур ҟалараны иҟоуп,ҭыԥк аҟны алхрақәа зымҩаԥымсит ҳәа ишьоуп.

Алхрақәа раан еилагара ҳәа акгьы ыҟамызт. Апарламент ахь алхрақәа актәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0