Аԥсны Москва иаатыз атуристтә цәыргақәҵа иалахәуп

© Фото : ТППЖәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа "Путешествия и туризм" (MITT) аатит Москва, хәажәкыра 14 -16 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны амилаҭтә стенд "Экспоцентр" аҟны иқәыргылаy аҩаша, хәажәкыра 14 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изааицҳаит аԥснытәи аделегациа алахәыла.

"Аԥсны астенд иаразнакы аҭааҩцәа аднаԥхьалеит. Уаҟа иарбан еиҳа еицырдыруа аҭыԥ ԥшӡаррақәа. Аиҳаракгьы Аҟәа аҭыԥқәа", — иҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла ацәыргақәҵа сааҭқәак раԥхьа шакәугьы ианаатыз аԥснытәи астенд ахь инеихьеит ирацәаҩны аҳәаанырцәтәи атуроператорцәа. Иҟоуп ареспубликаҟны агәмырҿыӷьгатә центр аартразы ажәалагалагьы.

Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата атуризм анапхгара аҟәша аиҳабы Инара Даурова ишылҳәаз ала ацәыргақәҵаҟны иӡыргоуп жәҩык атуроператорцәа. Иара убасгьы араҟа ицәыргоуп Аԥсны аалыҵ.

"Аҭыԥантәи аалыҵ ахь иаҵанакуеит аҩы, аӡы, аџьыка, ачаи, ацха, ашәырлых, ашә, акәац. Ацәыргақәҵа алахәылацәа ҳастенд ахь азҿлымҳара ду аадырԥшит. Ҳара урҭ ирыдаагалоит ҳтәыла аалыҵ агьама абара", ҳәа еиҭалҳәоит Даурова.

© Фото : ТПП РАЖәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын - Sputnik Аҧсны
1/3
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын
© Фото : ТПП РАЖәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын - Sputnik Аҧсны
2/3
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын
© Фото : ТПП РАЖәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын - Sputnik Аҧсны
3/3
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын
1/3
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын
2/3
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын
3/3
Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа Апсны алахәын

Асҭамыр Ахба напхгара зиҭо Аԥснытәи аделегациа иалахәуп атуристтә усҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа, Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата аусзуҩцәа, атуристтәи атрансфертәи еилахәырақәа рхаҭарнакцәа. MITT аартра иаҭааит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцба, аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0