"Иаирума" жәларбжьаратәи афестиваль аҟны аиааира агеит

© Миранда ШонияАнсамбль Яйрума после выступления в Петербурге
Ансамбль Яйрума после выступления в Петербурге - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Санкт-Петербург хәажәкыра 16 - 19 рзы имҩаԥысуан XXIII Жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль "Праздник детства".

АҞӘА, хәажәкыра 20 — Sputnik, Рада Ажьиба. Санкт-Петербург хәажәкыра 16 — 19 рзы имҩаԥысуаз XXIII Жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль "Праздник детства" аҟны аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны иеиҿкаау ахәыҷтәы хареографиатә ансамбль "Иаирума" актәи аҭыԥ ааннакылеит (аноминациа "Танцевальное творчество").

Абри атәы ҳзааицҳаит астудиа асахьаркыратә напхгаҩы Вахтанг Возба.

"Ари афестиваль изныкымкәа ҳҽалаҳархәхьеит. Уажәы азы аколлективқәа даара ирацәан. Ҳазцықәгылоз акыр ишыӷәӷәазгьы аиааира агара ҳалҳаршеит", — иҳәоит акәашацәа хәыҷқәа дырзыгәдууа Вахтанг Возба.

Аԥснытәи акәашацәа афестиваль ахь инаргеит акәашарақәа ҩба: "Абхазский перепляс" "Абхазская горянка".

Вахтанг Возба иажәақәа рыла ахәшьарақәа ықәдыргылон аҟазара атехника, артистизм, арепертуар ауадаҩра уҳәа рганахь ала.

Ансамбль "Иаирума" егьырҭ аколлективқәа ирылкааны актәи аҭыԥ анашьахеит.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит арҿиаратә еиԥыларақәа, амастер-классқәа, аекскурсиатә программақәа, асолистцәа рконкурсқәа. Аконкурс-фестиваль "Праздник детства" мҩаԥысит Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә акультуратә усҳәарҭақәеи Санкт-Петербургтәи абиуџьеттә акультуратә усҳәарҭақәеи ринформациатә цхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0