Адепутатрахь акандидат дызҭаз амашьына иаехсит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилициа рахь адырра ҟаҵан Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 20 — Sputnik, Бадри Есиава. Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит Аҽгәара ақыҭан, хәажәкыра 18 рзы ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҟынтә.

"Ахҭыс ҟалеит ашьыжь асааҭ 9:30 рзы. Ацәгьауҩы Пертаиа Беслан Заури-иԥеи Пертаиа Каха Заури-иԥеи зҭаз амашьына "Ниссан" иаехсит. Амашьынаҟынтәи Каха Заури-иԥа аҭактә хысрақәа мҩаԥигеит", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла аҭыԥ аҟны иԥшааз 22 гильза аекспертизахь инашьҭын.

Ацәгьоуцәа раанкыларазы аусҭҵаара хацыркуп.

Каха Пертаиа алхратә ҭыԥ № 35 аҟны адепутатрахь кандидатс дықәгылоуп.

© МВД АбхазииЖәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит
Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит - Sputnik Аҧсны
1/2
Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит
© МВД АбхазииЖәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит
Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит - Sputnik Аҧсны
2/2
Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит
1/2
Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит
2/2
Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат Каха Пертаиа дызҭаз автомашьына иаехсит

Аамҭақәак раԥхьа, хәажәкыра 16 рзы Аҟәа, адепутатрахь акандидат Баҭал Аиба иавтомашьына амца адыркхьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0