Афотоальбом ҿыц "Абхазиа" ҭыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАфотоальбом ҿыц "Абхазиа"
Афотоальбом ҿыц Абхазиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашәҟәыҭирҭақәа рҟны ицәыргоуп археолог, аҭоурыхдырыҩ Наталиа Милованова лфотоальбом "Абхазиа".

АҞӘА, хәажәкыра 20 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Афотоальбом "Абхазиа" аиллиустрациақәа азууп XIX, XX ашәышықәсақәа рыгравиурақәеи афотоҭыхымҭақәеи рыла. Абри атәы ҳзеиҭалҳәеит апроект автор Наталиа Милованова.

"Альбом аҭыжьра азырхиара быжь-шықәса инарзынаԥшуа имҩаԥысуан. Сара шамахамзар апроектқәа ҩба-хԥа аус еицрыдызулоит. Абри аамҭа иалагӡаны аинтерес зҵаз ашәҟәқәа акыр ҭсыжьит", — лҳәеит Милованова. Афотоальбом аҟны аамҭаны иаарԥшуп XIX инаркны иахьатәи аамҭа аҟынӡа. Иара х-ҟәшакны еихшоуп: XIX ашәышықәса, XX ашәышықәса, XXI ашәышықәса ҳәа. Альбом автор лажәақәа рыла аԥхьатәи аҟәшақәа ҩба рҟны ицәыргоуп ажәытә гравиурақәеи афотосахьақәеи. Урҭ реиҳарак раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп.

"Сара архивқәа, амузеиқәа, аҭаацәатә фотоальбомқәа рҟны исыԥшаауан аинтерес змоу афотосахьақәа. Ашәҟәы иагәылоуп Урыстәыла акинодокументалистцәа рҳәынҭқарратә архив, Сергеи Дбар ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи, Аԥсны ауааԥсыра рхатәы архивқәа рҟынтәи аматериалқәа", — лҳәоит апроект анапхгаҩы.

Ахԥатәи аҟәша иаанарԥшуеит ҳаамҭазтәи Аԥсны.

Наталиа Милованова иаҳзеиҭалҳәеит абри аҟәша азырхиара рхы шаладырхәыз Аԥсны, Урыстәыла, Канада рфотоҭыхыҩцәа.

"Урҭ рҟынтәи иҟан хаҭала сара ааԥхьара зысҭаны Аԥсныҟа иааз: Лесиа Зуревински (Канада), Федор Лашков (Санкт-Петербург), Владимири Наталиеи Ануфриеваа (Нижни Новгород). Ибрагим Чкадуа,

Наала Аҩӡыԥҳа, Евгени Лонг ирымаз русумҭақәа ҳарҭеит", — лҳәеит Милованова.

"Атекст автор Надежда Венедиктовеи аиҭагаҩцәа Ирина Чкадуаԥҳаи Галина Джесси ҭабуп ҳәа расҳәоит русура ссир азы", — лҳәоит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАфотоальбом ҿыц "Абхазиа"
Афотоальбом ҿыц Абхазиа - Sputnik Аҧсны
1/3
Афотоальбом ҿыц "Абхазиа"
© Sputnik / Томас ТхайцукАфотоальбом ҿыц "Абхазиа"
Афотоальбом ҿыц Абхазиа - Sputnik Аҧсны
2/3
Афотоальбом ҿыц "Абхазиа"
© Sputnik / Томас ТхайцукАфотоальбом ҿыц "Абхазиа"
Афотоальбом ҿыц Абхазиа - Sputnik Аҧсны
3/3
Афотоальбом ҿыц "Абхазиа"
1/3
Афотоальбом ҿыц "Абхазиа"
2/3
Афотоальбом ҿыц "Абхазиа"
3/3
Афотоальбом ҿыц "Абхазиа"

Ашәҟәы амакет еиҿикааит москватәи адизаинер Игор Шерстниов.

"Ашәҟәы аԥҵара иалахәыз зегьы еиднакылон Аԥсны ахь ирымоу абзиабара", — лҳәеит апроект автор.

Ажәабжьқәа зегьы
0