Кобахьиа: аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыҭара хацыркхоит хәажәкыра 27 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукАҩныҵҟатә тәылауаҩшәы ҿыц
Аҩныҵҟатә тәылауаҩшәы ҿыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса нҵәаанӡа ауааԥсыра ирыҭахоит 100 000 рҟынӡа Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа, иҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа.

АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа апресс-конференциаҟны иазгәеиҭеит хәажәкыра 27 инаркны ишхацыркхо аҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟәқәа ауааԥсыра рыҭара.

"Ҳара атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аамҭала иаанаҳкылеит, избанзар алхрақәа раан ауаа рҭыӡҭыԥҭаҩра аганахь ала аилибамкаарақәа ҟамларц. Ашәахьа, хәажәкыра 17 инаркны ихацыркхоит атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара", — иҳәеит Кобахьиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны зыҿҳәара иахыԥаз атәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара 2017 шықәса мшаԥымза 5 рҟынӡа ишнахоу.

"Аиҭалхрақәа мҩаԥысраны иахьыҟоу алхырҭатә округ №17 иахьаҵанакуа инхо ауааԥсыра рзы иазгәасҭоит дара рзы иҷыданы Ақәҵара ҟамлозар акәхап. Убри азы зтәылауаҩшәҟәы аҿҳәара иахыԥахьоу рахь аҳәара ҟасҵоит иахәҭоу аҭыԥқәа рахь инеины рдокументқәа аанрыжьырц. Мышқәак ирҭагӡаны урҭ ԥсахны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа раҳҭоит", — иҳәеит аминистр.

Аслан Кобахьиа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара иалагеижьҭеи урҭ шроухьоу 12 000-ҩык ауааԥсыра.

"Ҳара мышкы ахы-аҵыхәала 500 рҟынӡа тәылауаҩшәҟәы аус адааулартә еиԥш алшарақәа ҳамоуп, мызкы иҭагӡаны уадаҩрада 10-12 нызқь рҟынӡа тәылауаҩшәҟәы ҳшар ауеит", — иҳәеит иара.

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит иаарласны ишалаго Аԥсны иатәылауаам рзы анхараз азин ҟазҵо ашәҟәқәа рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0