Аҟәа раԥхьатәи алхыҩцәа рыбжьы рҭиит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа раԥхьатәи алхыҩцәа рыбжьы рҭиит
Аҟәа раԥхьатәи алхыҩцәа рыбжьы рҭиит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа, актәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь бжьыҭира инеиит раԥхьатәи алхыҩцәа.

Алхратә ҭыԥ алхратә комиссиа ахантәаҩы Диана Гәлиаԥҳа лажәақәа рыла, алхырҭатә ҭыԥ шаадыртыҵәҟьаз арахь иааиит алхыҩцәа.

"Раԥхьатәи жәохә минуҭ рыла рыбжьы рҭиит хәҩык. Актәи атур анымҩаԥаагозгьы ауаа гәаран ҟаҵаны игылан", ҳәа еиҭалҳәоит Диана Гәлиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит абыжьбатәи аокруг актәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны ишҭаҩу 1859-ҩык алхыҩцәа. Урҭ рҟынтәи 27-ҩык аиарҭа иамоуп. Урҭ рахь алхратә комиссиа алахәылацәа еиҭаргоу акәыцҳа наргоит абжьыҭиразы алшара роурц.

Ажәабжьқәа зегьы
0