Алхрақәа аҩбатәи ртур раԥхьатәи аихшьаалақәа

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАпарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур
Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит 22 округ рҟны хәажәкыра 26 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik. Асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа 22 алхырҭатә ҭыԥ рҟны ихацыркхеит Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур.

Аҩбатәи атур аан ауаа рнеира еиҳа имаҷуп аԥхьатәи атур аан рнеира аасҭа. Sputnik адыррақәа рыла асааҭ 12:00 рзы Гал араион аҟны анеираз аԥхьагылара рымоуп. Уаҟа абри аамҭазы алхыҩцәа бжьыҭира инеиз рхыԥхьаӡара 50% иахысхьеит.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: агәрагара сымоуп Апарламент ҿыц ишахәҭоу аусура алшап ҳәа

Аҩбатәи аҭыԥ аҟны Тҟәарчалтәи араион аҟны абжьыҭиҩцәа рнеира 21,9 % ыҟоуп, Аҟәа араион аҟны – 21,7%. Очамчыра араион аҟны асааҭ 10:00 рзы инеиз рхыԥхьаӡара 21,1% артәеит, Гәылрыԥшь араион аҟны — 19,6%, Гагра араион аҟны – 18,4%.

Аҟәа араион аҟны бжьаратәла асааҭ 12:00 рзы алхыҩцәа рнеира иартәеит 17,6%, Афон Ҿыц – 19%, Гәдоуҭа — 12,4 %. Бжьаратәла Гәдоуҭа араион аҟны алхыҩцәа рнеира иартәеит 15,7%

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа актәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡан 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахон. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡахон абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Абжьыҭирақәа реихшьаалала Аԥсны ҩажәи ҩба алхратә округ аҟны абжьыҭирақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысыр акәхеит, Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ жәибжь аҟны аиҭалхра мҩаԥгахоит лаҵарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0