Рауль Ҳаџьымбеи Никита Симониани еиԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымбеи Никита Симониани еиԥылеит
Рауль Ҳаџьымбеи Никита Симониани еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
СССР ачемпион, СССР Ахраҿа занашьоу, ашьапылампыласыҩ Никита Симониан аҟәатәи "Динамо" дааӡамҭоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 26 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Ахада рауль Ҳаџьымба дидикылеит СССР ачемпион, СССР Ахраҿа занашьоу, ашьапылампыласыҩ Никита Симониан.

"Сара даара гәахәара дула Аҟәа сышәԥылоит. Шәара аԥсуа дгьыл иреиӷьу аԥаццәа шәреиуоуп. Шәыхьӡ-шәыԥша ахы ахьакыз араҟоуп. Даара исҭахуп аҿар шәҿыԥшларц", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны ашьапылампыл азхьаԥшра ду шарҭо.

Симониан Аԥсны Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ииҭаз агәцаракразы.

"Сҭаацәа нхара ҳәа Аԥсныҟа ианаауаз сара ԥшьышықәса схыҵуан. Аԥсны сара исыԥсадгьылуп, ароуп сахьааӡаз. Ҳкоманда иалахәылацәан: Володиа Марганиа, Геннади Бондаренко, Иури Граматикопуло, сара. Аԥсуаа рыбзиабара еснагь исыцзаауеит", — иҳәеит Симониан.

Никита Симониан диит жьҭаара 12 1926 шықәса рзы, Армавир. Дыхәмаруан "Крылья Советов" Москва (1946 — 1948), "Спартак" Москва (1949 — 1959) ркомандақәа дрылахәны. 1956 шықәсазтәи аолимпиада далахәын, 1958 шықәсазтәи адунеи ачемпионат далахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0