Достоевскии Ҭырқәтәыла агастрольқәеи: аԥсуа театрқәа рыпланқәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАвидеоцҳа Аҟәа-Москва-Цхинвал мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҟны
Авидеоцҳа Аҟәа-Москва-Цхинвал мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авидеоцҳа Аҟәа-Москва-Цхинвал мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҟны, атеатр Амш аҽны. Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ртеатрқәа рнапхгаҩцәа рыгәҭакқәа ирылацәажәеит.

Sputnik, Владимир Бегунов

Аԥсуа драматә театр иахықәкуп аспектакль "Амҳаџьырқәа" Ҭырқәтәылаҟа агара.

"Ҳара ҳақәгыларан ҳаҟоуп Сҭамԥыли егьырҭ ақалақьқәеи рҟни. Аиҳарак аԥсуаа рҽеизакны иахьынхо. Уи адагьы архиара ҳаҿуп Гарсиа Лорка иҩымҭала иқәыргылоу аспектакль "Бернард Альба иҩны", — иҳәеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асахьаркыратә хеилак ахантәаҩы Роман Сабуа.

Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба иҳәеит, иқәдыргылараны ишыҟоу Гоголи Достоевскии рҩымҭақәа ирылху аспектакльқәа ("Игрок", "Ревизор").

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа - Sputnik Аҧсны
Арежиссиор: иахьатәи атеатр ахәаԥшҩы даара дуадаҩуп

"Уи адагьы иахьа ҳара ахәаԥшцәа идҳарбараны ҳаҟоуп "РУСДРАМ-шоу" захьӡу аланарԥшыра. Аспектакль еиднакылоит зысиужет акны ишьақәҳаргылаз еиуеиԥшым аспектакльқәеи, адиалогқәеи ариақәеи", — иҳәеит иара.

Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Хетагуров ихьӡ зху атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Тамерлан Дзудцов авидеоцҳа иалахәыз зегьы ааԥхьара риҭеит Цхинвал иаадыртраны иҟоу атеатр ҿыц ахь.

"Ҳаамҭа иақәшәо театрхоит. Атеатр аартра арыцхә ҷыдала ишәасҳәоит. Макьаназ аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп", — иҳәеит иара.

Дзудцов иажәақәа рыла атеатр аартраан идырбахоит аспектакльқәа "Ажьа анасыԥ" (Тыхов), "Фатима" (Хетагуров).

Шьчукин ихьӡ зху атеатртә Институт аректор Евгени Книазев авидеоцҳа алахәылацәа ирыдиныҳәалеит атеатр Амш. Еиҭеиҳәеит аԥсуа студентцәа ргәыԥ дрыцны Искандер ифестиваль амҩаԥгара аҽалархәра шигәҭаку. Шьчукин ихьӡ зху атеатртә Институт апрофессор Анна Дубровскаиагьы еиԥылаз ирыдылныҳәалеит амшныҳәа. Зегьы ирзеиӷьалшьеит ақәҿиарақәеи апремиера ҿыцқәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0