Зжьы ужәыр, зтәан еиламгыло, мамзарагьы Апарламент чаԥоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент
Апарламент - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 26 рзы ихыркәшан Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур, урҭ реихшьаалақәа дырзааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ихыркәшоуп ҳҳәар ауеит Жәлар реизара 7-тәи аилазаара ашьақәыргылара, Гәдоуҭатәи 17-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы алхра ҿыцқәа рылаҳәазаргьы. Алхратә комиссиа хада макьана иааихҵәаны ишьақәырӷәӷәам адепутатцәа рсиа ҳәа ҳаланаҳәеит.

Аҩбатәи атур амҩаԥысшьа ҳазааҭгылозар, Аҟәатәи 4-тәи алхырҭатә ҭып аҿы иқәгылаз акандидат Баҭал Аиба имашьына амца ацраҵареи, Гал араион акандиадт (35-тәи алхырҭатә тыԥ) Каха Пертаиа ишьклахысреи аполитикатә ҳауа маҷк иааиланархәазаргьы, алхрақәа рымш акыр иҭынчны имҩасит ҳҳәар ауеит.

Апарламент ахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Абга егьа аҿоуҵаргьы, абнахь иԥшуеит мамзаргьы - апротесттә бжьыҭара

Арҭ алхрақа ирыбзоураны, еиуеиԥшым алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы инхо ауааԥсыра рсоциалтә зҵаарақәа рыӡбеит: "иқәҵоуп акаҭран, икнаҳауп алашарбагақәа, икаԥсоуп ахаҳәсса" иаарыцҳауеит асоциалтә даҟьақәа рҿы алхыҩцәа. Официалла авба зҭам акандидатцәа рыуаажәлар"«рсоциалтә ԥсҭазаара еиӷьыртәит", уажәшьҭа инхаз, уи алхратә закәан анҵароуп. Алхыҩцәа ракәзар, Феисбук адаҟьақәа рҿы ирыҩуеит, дара рзы ари "зеиӷьыҟам ҭагылазаашьаны ишыҟоу". Урҭ иқәдыргылоит акаҭран зқәыртәо рымҩадуқәа рфотосахьақәа.

Ажәакала, апрезидент иқәгылараҿы ари инегативтәу цәырҵраны аӡбахә иҳәазаргьы, апрокуратура ари азҵаатәы азы "ашшыԥхьыӡ ыҟам" аҳәан, алымҳа џьгәаны иаатәеит. Ари алхратә сезон иаанарԥшит, ҳаԥхьаҟа адепутатра зҭаху изы, уажәнатә аԥареидкылара шус хадоу.

Жәлар реизарахь иалху адепутатцәа рсиа ҳалапш ахаҳгозар, иубаратәы иҟоуп, аполитикаҿы еицырдыруаз акандидатцәа Сергеи Шамба, Валери Бганба реиԥш иҟоу аӡәырҩы шканаԥсаз. Иааидкыланы, иалху Апарламент аҿы рхыԥхьаӡара маҷҩым, ҿыц аполитикахь зшьапы еихызго ауаа.

Амчратә партиеи, аоппозициатә партиеи рымчқәа еибакапануеит уҳәар алшоит, урҭ ҵәатәышьаҟас ирымоу рахьтә иалырхыз ҳарзааҭгылозар. Аха, сынтәатәи Апарламент аҿы макьана зполитикатә қәыԥшылара еилыхха иҟам рхыԥхьаӡара аԥыжәара ааннакылоит уҳәаргьы ауеит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Апартиақәеи алхрақәеи

Изеиԥшрахазеи аҳәса ирхаҭарнакцәаз акандидатцәа рлахьынҵа? Ааҩык рҟынтәи далхуп Афонтәи 20-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада аҟны иқәгылаз Натали Смырԥҳа. Зыҿҳәара нҵәо Апарламент аҿгьы, ԥҳәыс заҵәык – Емма Гамсаниаԥҳа лакәын иҟаз. Ари даҽазныкгьы агәра ҳнаргоит, аԥҳәыс иахьатәи алхратә системаҿы лшансқәа акыр ишхьысҳау, ишырҳәо еиԥш, аквотақәа аларымгалозар.

Жәлар реизара ихьыԥшыму институтуп, аха, ус акәзаргьы, аԥсҭазаара аԥышәа ишаҳнарбо ала, аполитика иаҟазшьаны амчреи аоппозициеи рахь иадызцәыло агәыԥқәа ыҟоуп еснагь, убри аан апрограаматә еиндаҭлара ацәаара уамак иаҳбарҭам.

Уи аганахь ала, ԥхьатәара ицахьаз уаанӡатәи апрезидент Александр Анқәаб уахь инеира, хымԥада еиҳагьы иарџьбароит еинышәашьа змамыз, зжьы ужәыр, зтәан еиламгыло ҳәа ззырҳәо аполитикцәа уаҟа реиниара. Аҳәара уадаҩуп, иахьа иалху адепутатцәа рымчқәа азакәанԥҵаратә ус иахҭнырҵоу, мамазаргьы, дара-дара реиҿыхара иазыркуоу?! Ажәакала, ичаԥоуп Апарламент ҿыц. Мҩамш!

P.S.

Иацы иазгәарҭон атеатр амш. "Русдрам" имҩаԥрысуан уи аныҳәа инадҳәаланы ашоу. Даара иссирын ахәылԥаз, уи анхыркәшаха ашьҭахь, агәалаҟара бзиа сыманы, Аиааира апроспект ианыршәланы сшааиуаз, Алхратә комиссиа ахада акәша-мыкәша ажәлар еилақьы ишеилагылаз збеит.

Тҟәарчалтәи 34-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿ иқәгылаз Омар Џьынџьал идгылаҩцәа ракәын дара. Ауҟьанчаҟьанбжьы рацәан. Ашьҭахь, Алхратә комиссиа хада аҳәамҭа ҟанаҵеит уи акандидат аиааира игеит ҳәа шахәшьадыз. Атеатр амш азы, маҷк иааиламсыр ауазма нас….

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0