Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара хацыркхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПаспорт нового образца.
Паспорт нового образца. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы аҭагалареи аҭыгареи рзы аштампқәа Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа араионтә ҟәшақәа ирыҭахоит, иҳәеит Аԥсны Апаспорт-визатә маҵзура аиҳабы Едуард Манаргиа.

АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара хацыркхеит ашәахьа, хәажәкыра 27 инаркны, убри инадҳәаланы ашәҟәы аҭагалареи аҭыгареи рзы аштампқәа Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа араионтә ҟәшақәа ирыҭахоит иҳәеит Аԥсны Апаспорт-визатә маҵзура аиҳабы Едуард Манаргиа.

"Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара аус хацыркхеит", — иҳәеит Манаргиа.

Уаанӡа Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиа апресс-конференциаҟны иҳәахьан хәажәкыра 27 инаркны ишхацыркхо аҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟәқәа ауааԥсыра рыҭара.

Атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара аамҭала иаанаҳкылан, избанзар алхрақәа раан ауаа рҭыӡҭыԥҭаҩра аганахь ала аилибамкаарақәа ҟамларц. "Ашәахьа, хәажәкыра 27 инаркны ихацыркхоит атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара", — иҳәеит усҟан Кобахьиа.

Аслан Кобахьиа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа рыҭара иалагеижьҭеи урҭ шроухьоу 12 000-ҩык ауааԥсыра. "Ҳара мышкы ахы-аҵыхәала 500 рҟынӡа тәылауаҩшәҟәы аус адааулартә еиԥш алшарақәа ҳамоуп, мызкы иҭагӡаны уадаҩрада 10-12 нызқь рҟынӡа тәылауаҩшәҟәы ҳшар ауеит", — иҳәеит иара. Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит иаарласны ишалаго Аԥсны иатәылауаам рзы анхараз азин ҟазҵо ашәҟәқәа рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0