Алитературатә сасааирҭа "Поэты и их музы" иаҭааит астудентцәа

© Sputnik Роберт ДжопуаАстудентцәа аҭааит Аурыс культуратә центр аҟны иҟоу асасааирҭа
Астудентцәа аҭааит Аурыс культуратә центр аҟны иҟоу асасааирҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь астудентцәа аҭааит Аурыс культуратә центр аҟны иҟоу асасааирҭа "Поэты и их музы". Уа дара аԥхьон "араӡны шәышықәса" ҳәа изышьҭо аамҭа иатәыз апоетцәа ражәеинраалақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Адунеизегьтәи апоезиа амш аҽны аҳҭнықалақь астудентцәа аҭааит Аурыс культуратә центр аҟны иҟоу асасааирҭа "Поэты и их музы". Уа дара аԥхьон "араӡны шәышықәса" ҳәа изышьҭо аамҭа иатәыз апоетцәа ражәеинраалақәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу Аурыс культуратә центр аиҳабы Наталиа Каиун.

"Аиԥылара азкын Адунеизегьтәи апоезиа амш. Иара азгәарҭоит хәажәкырамзазы. Асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа адыррақәа дырҭбаауеит, астудентцәа ркультура иацырҵоит", — лҳәеит Каиун.

Аиԥылараан астудентцәа бзиа ирбоз апоетцәа ражәеинраалақәа ирыԥхьон.

"Волошин, Бриусов уҳәа ражәеинраалақәа аурокқәа рҟынгьы ираҳауеит. Бзиа ирбоит", — лҳәоит лара.

Ацентр аиҳабы иара убасгьы иазгәалҭеит арахь имҩахыҵыз аҿар ишырзеиҭаҳәаз уи аамҭа ссир иалиааз ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рбиографиақәа.

"Астудентцәа идырбан 1989 шықәсазы иҭыҵыз Николаи Лозовои Черубине де Габриак илызкыз игәалашәарақәа. Лозовои иакәзар Аҟәа дынхон, аус иуан Арҵаҩратә институт аҟны", ҳәа еиҭалҳәоит Каиун.

Наталиа Каиун лажәақәа рыла Ацентр аҟны аиԥыларақәа мҩаԥысуеит 2016 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0