Аинвестициатә обиектқәа ҩба 2017 шықәсазы альготақәа роуеит

© Fotolia / Sergey_pАинвестициатә обиектқәа ҩба 2017 шықәсазы альготақәа роуеит
Аинвестициатә обиектқәа ҩба 2017 шықәсазы альготақәа роуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса раахыс аус ауеит Аԥсны аинвестициатә проектқәа рзы апреференциақәеи ашәахтә льготақәеи рзакәан, ҳәа ҳаиҳәеит Аекономика аминистрра адәныҟаполитикатә еимадарақәеи аинвестициатә политикеи рыҟәша аҟаза хада Нодар Шьоууа.

АҞӘА, хәажәкыра 30 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь Атурбаза араион аҟны асасааирҭеи акондитертә цехи, Кындыӷ иҟоу арԥхаратә комплекси аҳәынҭинвестициатә программа ареестр иалагалахоит. Убри аан льгота ҳасабла ршәахтәқәа 50% аҟны идыртәоит, ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Аекономика аминистрра адәныҟаполитикатә еимадарақәеи аинвестициатә политикеи рыҟәша аҟаза хада Нодар Шьоууа.

"Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала ишьақәыргылоуп аҵакырадгьылқәа зыҟны аинвестициатә проектқәа рзы альготақәа аус руа", — иҳәеит иара.

Нодара Шьоууа иажәақәа рыла аинвестициатә проектқәа рзы апреференциақәа ирызку азакәан инақәыршәаны, еиқәиԥхьаӡаз аобиектқәа аҳәынҭқарратә инвестициатә программақәа рреестр иаҵаркхоит. Ареестр иаҵаркуп иара убас аобиектқәа: "Аҟәатәи аԥсыӡнхамҩеи" "Аҟәатәи ауарашзауади".

Асеиԥш аӡбра рыдкылан Аԥсны Аекономика аминистрраҟны иаԥҵоу акомиссиаҿы. Акомиссиа напхгара аиҭоит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аԥсны аинвестициатә проектқәа рзы апреференциақәеи ашәахтә льготақәеи рзакәан 2016 шықәса раахыс аус ауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0