Ақаҩба: Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҭагылазаашьа уадаҩын

© AFP 2023 / FABRICE COFFRINIЖенева
Женева - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса хәажәкыра 28-29 рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 39-тәи рраунд.

Бадри Есиава, Sputnik

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҭагылазаашьа уадаҩын, ҳәа ааицҳаит асоциалтә ҳа Facebook аҟны идаҟьаҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

"Ихыркәшахеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 39-тәи рраунд. Иааидкылан аҭагылазаашьа ауадаҩрақәа ацын. Амч ахамырхәаразы азеиԥш документ уажәгьы иҳазҳадымкылаӡеит. Ус шакәугьы агәыӷра ҳамоуп егьырҭ ԥхьаҟатәи ҳаиқәшәарақәа раан уи апроблемаз аилибакаара ҳаур алшоит ҳәа", — иҳәеит иара.

Аҭагылазаашьа ауадаҩра иахьмырԥшыкәа аусурақәа цон. Аԥсны еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы иамоу агәаанагарақәагьы алахәылацәа рҟынӡа инаган.

39-тәи аиҿцәажәарақәа рраунд ахыркәшара аҽны Адәныҟаполитикатә усбарҭа аофициалтә саит аҟны ицәырган аиҿцәажәарақәа рматериалқәа. Аусбарҭа аусзуҩцәа ирыгәҭакуп иааиуа амчыбжь азы апресс-конференциа амҩаԥгара, аихшьаалақәа рыҟаҵаразы.

Аиҿцәажәарақәа актәи амш аҽны рымҩаԥысшьа атәы Даур Ақаҩба далацәажәеит иаккаунт аҟны:

"Женеваҟа ҳааит аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд амҩаԥгаразы. Ҳазыԥшуп ҳҿаԥхьа иқәгылоу апроблемақәа зегь ракәымзаргьы рыхәҭак рыӡбра ҳалшап ҳәа".

Ирылацәажәан Аԥсназы аҵакы зманы иҟоу азҵаарақәа. Иаҳҳәап Қырҭтәылеи иара иадгыло атәылақәеи рганахь ала Аԥсны ауааԥсыра адискриминациа рзыура. Аԥснытәи аделегациа алахәылацәа азааҭгылеит Аԥсныи-Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа раркра.

Ахәшьарагьы арҭеит уи инадҳәаланы ЕС, НАТО, ОБСЕ уҳәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа. Иара убасгьы ирҳәеит агәҭынчымра шрызцәырнаго Қырҭтәылеи НАТОи рырратә еиҩызара, хаҭала Поти ақалақь аҟны НАТО арратә база аартра.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд амҩаԥысра азыԥхьагәаҭоуп 2017 шықәса рашәарамза 20-21 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0