Аминистр: ааԥынра ааит – анхара нап алактәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБармышь ақыҭа
Бармышь ақыҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба далацәажәеит ареспубликаҟны ааԥынтәи аусурақәа иахьынӡарзырхиоу атәы.

АҞӘА, мшаԥымза 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ааԥынра ааит – аусурақәа ирысакьаҳәымҭоуп иҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

"Иахьазы Ақыҭанхамҩа аминистрра цхыраарак аҳасабала иазоужьуп 22 миллион 557 нызқь мааҭ аԥара. Арҭ аԥарақәа рзырхоуп шықәсыктәи акультурақәа раарыхра", — иҳәеит аминистр.

Аԥсны иамоуп аҭагылазаашьа маншәала аҩныҵҟатәи аџьармыкьа аҭыԥантәи аалыҵ ала аиқәыршәаразы.

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ақыҭанхамҩа аҿиара аиурц", —иҳәеит аминистр.

Ҭарба иазгәеиҭеит атәыла Ахада адҵа шыҟаиҵаз х-нызқь гектар рҟны ацәаӷәарақәа хәыда-ԥсада имҩаԥгазарц. Абра азы аԥарашәара мҩаԥгахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.

Раион-цыԥхьаӡа хәба-хәба миллион рзоужьуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0