Аҳәааҟны атуристцәа авизақәа рыҭара уадаҩхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа виза
Аԥсуа виза - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палатаҟны имҩаԥысит аилатәара 2017 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкны. Аилатәара рҽаладырхәит Аҟәа Ахадара, Акурортқәеи атуризми рминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, мшаԥымза 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахаша, мшаԥымза 5 рзы Ауаажәларратә палатаҟны имҩаԥысит аилатәара 2017 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкны. Аилатәара рҽаладырхәит Аҟәа Ахадара, Акурортқәеи атуризми рминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра рхаҭарнакцәа. Аилатәара иалахәыз "Атуризм азы Аԥснытәи ахеилак" апрезидент Анна Калиагина иазгәалҭеит аҳәааҟны атуристцәа авизақәа рыҭара аус ауадаҩра аҵалар ҟалоит ҳәа.

"Уаанӡа Аҟәа авизақәа рырҭон. Уажәы – аҳәааҟны. Уи апроблемақәа цәырнагар ауеит", — лҳәеит лара.

Калиагина лгәаанагарала апроблемақәа цәырыргар алшоит аҳәаа аԥсуа ган аҟны аушьҭырҭатә ҿхышәқәа рмаҷра. Уи иахҟьаны ауаа акраамҭа агәаран иқәгылазар акәхоит. Асеиԥш аҭагылазаашьа хымԥада ауаа Аԥсныҟа раара ргәы ахнаршәоит.

"Атуристцәа ԥсшьара иаауеит. Апроблемақәагьы рҭахӡам. Ишалшо ала урҭ атәыла иадыԥхьалалатәуп. Сара атуристцәа рзы авизақәа аԥыхзарц ажәалагала ҟасҵоит", — лҳәеит Калиагина.

Аилатәараҟны ирылацәажәан аԥхынтәи аԥсшьаратә сезон иадҳәало азҵаарақәа жәпакы.

Ажәабжьқәа зегьы
0