Ҭаниа: авизақәа рганахь ала проблема ҟалом

© SputnikАԥсуа визв
Аԥсуа визв - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палатаҟны имҩаԥысит аилатәара 2017 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкны. Аилатәара рҽаладырхәит Аҟәа Ахадара, Акурортқәеи атуризми рминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, мшаԥымза 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Ауаажәларратә палатаҟны имҩаԥысит аилатәара 2017 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкны. Аилатәара рҽаладырхәит Аҟәа Ахадара, Акурортқәеи атуризми рминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра рхаҭарнакцәа. Аилатәара иалахәыз "Атуризм азы Аԥснытәи ахеилак" апрезидент Анна Калиагина иазгәалҭеит аҳәааҟны атуристцәа авизақәа рыҭара аус ауадаҩра аҵалар ҟалоит ҳәа.

Уи аҭакс Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа асоциалтә ҳа Facebook аҟны иазгәеиҭеит авизақәа рганахь ала иарбанызаалак проблема ҟалараны ишыҟам. Ҭаниа иҟаиҵаз аҳәамҭа иаҳәоит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны авизақәа рыҭарҭаҭыԥ еиҿкаан Аԥсныҟа аҳәаанырцәтәи атуристцәа ралалара армариаразы ҳәа.

"Уаанӡа атурист атәыла алаларазы онлаин азыҳәа хеирҭәаар акәын, нас азин иоуоу имоуоу аилкааразы хәымш дыԥшыр акәын. Азин иоур авизазы Аҟәаҟа даара акәын. Аха атурист Риҵа ма Афон рымацара дырҭаарц иҭахызар?", ҳәа иҩуеит Ҭаниа.

Иҟаҵоу зыҟаҵоу аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ауп, иҳәоит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Аԥсуа виза - Sputnik Аҧсны
Аҳәааҟны атуристцәа авизақәа рыҭара уадаҩхоит

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсныҟа еиҳарак иаауа урыстәылатәи атурист шиакәу. Уи авиза иҭахӡам.

Иара убасгьы иҳәеит гәыԥла зҽеиҿкааны атәыла аҵакыра иҭало атуристцәа, араҟа 24 сааҭ мацара иаанхозар – урҭгьы авиза рҭахӡам, Беларуссиеи Ҟазахсҭани ртәылауаа, турист ҳасабла ҩы-мчыбжьа иреиҳамкәа Аԥсны иаҭаауазар, иара убасгьы авиза рҭахӡам.

Абарҭ зегьы еихшьаало Ҭаниа дҵаауеит "Иарбан проблемоу иҟалараны иҟоу?" ҳәа. Аҭакгьы ҟаиҵоит: "авизақәа рганахь ала иарбанызаалак проблема ҟалараны иҟам" ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0