Ахәаша аҳҭнықалақь аҟны "асубботник" мҩаԥгахоит

© Fotolia / DelkooАхәаша аҳҭнықалақь аҟны "асубботник" мҩаԥгахоит
Ахәаша аҳҭнықалақь аҟны асубботник мҩаԥгахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Ахадареи ақалақьтә Еизареи раԥшьгарала ахәаша, мшаԥымза 7 рзы аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥгахоит "асубботник". Абри атәы ҳзааицҳаит аҩнтәы усбарҭа № 2 аиҳабы Алексеи Багаҭелиа.

АҞӘА, мшаԥымза 6 — Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь Ахадареи ақалақьтә Еизареи раԥшьгарала ахәаша, мшаԥымза 7 рзы аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥгахоит "асубботник". Дара аҳәара ҟарҵоит ақалақьуаа рынхарҭақәа, русурҭа ҭыԥқәа иахьрыҵаркуа арыцқьара мҩаԥыргарц.

"Ҳара ашколқәа, Иаарту Аҟәатәи аинститут, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет адырра раҳҭеит. Ақалақьуаа ираҳҳәар ҳҭахуп ахатәы нхарҭа ҭыԥқәа иахьрыҵаркуа апроблемақәа рацәаны ишыҟоу. Ацқьара ҳара ҳхаҿы арԥшӡоит. Аҳәара аауеит аҳҭнықалақь арыцқьара аус аӡәгьы дацәхьамҵырц", — иҳәоит Багаҭелиа.

Иара иажәақәа рыла ахархәара аҭахоит атехника ҷыда.

"Ақалақь ахы-аҵыхәа зегьы аамҭаныкала ирыцқьатәуп. Дарбанызаалак икәша-мыкәша ирыцқьар, уаҳа акагьы аҭахӡам. Напеилаԥса ҟаҵатәуп", — иҳәоит иара.

Иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп мшаԥымза анҵәамҭазгьы инарҭбаау арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0