Кавказ ажәларқәа ирызкыз раԥхьатәи ажурнал

© Foto / Сырма АшәԥҳаКавказ ажәларқәа ирызкыу ажурнал
Кавказ ажәларқәа ирызкыу ажурнал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1953 шықәса рзы Ҭырқәтәыла иҭыҵуа иалагеит Кавказ ажәларқәа ирызку ажурнал, уи раԥхьатәи редакторс иамази иаԥеиԥшхази шәаԥхьар шәылшоит Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рахьтә иҟоуп зышьҭа аҭоурых ианызҵаз аԥсуаа, зыхьӡ-зыԥша акыр ахара инеҩхьо. Убарҭ дыруаӡәкуп Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аамҭаказы амаҵ азызухьаз аҳәынҭқарратә усзуҩ, аҵарауаҩ, хылҵшьҭрала иаԥсыуоу Зиа Барцыц. 

Аза Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәа агьама амч ӷәӷәоуп

Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуаҩ Исмаил Зиа Барцыц иаԥшьгарала, 1953 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны, Сҭамԥыл иҭыҵуа иалагеит Кавказ ажәларқәа рполитика, рҭоурых, ркультура, рлитература иазкыз ажурнал — "KAFKAS DERGESI" (Кавказ журнал). Раԥхьатәи редакторсгьы иамаз иара иакәын. Ажурнал аус еиҿкааҩыс дыҟан, шьҭрала иаԥсыуаз Шьереф Ҭерым Мсырлы-иԥа.

Исмаил Зиа Барцыц диит 1883 шықәса рзы,  Ҭырқәтәыла, Измиҭ азааигәара иҟоу Саԥанџьа ақыҭа. 1878 шықәса рзы, Аҟәантә ихҵәаз, Ҳабиб Барцыц иԥа иоуп. Аруаҩын, ауаажәларра-политикатә усзуҩын. 1903 шықәса рзы арратә ҵараиурҭа далгеит Ҭырқәтәыла.

Иԥсҭазаара зегьы арра-маҵзура иазикит. 1913 шықәса рзы Балкан ицоз аибашьра далахәын. Иара убри ашықәсан Ҭырқәтәыла, атәылахьчара аминистр иусқәа ахырхарҭа рызҭоз иара иакәын. Лаҵарамза 1914 шықәса рзы, Измиҭ Жәлар Реизарахь депутатс далырхуеит.

Хатәгәаԥхарала, Ҭырқәтәылантәи Адунеизегьтәи актәи аибашьрахь идәықәлаз ԥызас дрыман. Ирактәи ахырхарҭаҿы, ашәарҭадаратә маҵзура дахаҭарнакын. Аибашьра анаҩс, ирҿиаратә усурахь дхынҳәуеит. Еиуеиԥшым агазеҭқәа рҟны иҩымҭақәа икьыԥхьуан. 

1950 шықәса рзы, Кавказ ажәларқәа ркультуратә хеидкыла ашьақәыргылаҩцәа дыруаӡәкын, гәацԥыҳәаралагьы аус иуан.

Раԥхьатәи ажурнал аномер аԥхьажәаҟны Зиа Барцыц иазгәеиҭоит:

Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра еснагь Аԥсны иазҿлымҳазаауеит - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра еснагь Аԥсны иазҿлымҳазаауеит

"Ҳара ҳжурнал хықәкыс иамоуп ҳажәлар реибардырра, реидкылара, аицхыраара, аус змам изы аус аԥшаара, акультура абзиабара ажәлар рыларҵәара, ашәҟәыԥхьарҭақәа реиҿкаара, аҵарадырра заурц зҭаху ашәҟәқәа рыла реиқәыршәара, ҳажәлар ахәышәтәырҭақәа рҿы ацхыраара рыҭара, зыԥсҭазаара иалҵуагьы рыԥсыжра аиҿкаара, аԥара змам аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭара. Ҳара ҳажәлар аҭоурых ду змоу жәларуп. Урҭ ркультура, рдоуҳа, рыбзазара еснагь гәҭакыс исыман аҭоурыхтә бӷьыцқәа ирынхаларц. Анцәа иџьшьаны уи алыршахеит. Ҳымԥада аԥхьаҟа еихаҳатәуп ари аус". 

Ажурнал иануп Зиа Барцыци, Шьереф Ҭерыми, Аԥсны, аԥсуаа рҭоурых иазкны анҵамҭақәа маҷымкәа. Ажурнал актәи аномер аҟны, аԥсуаа рҩымҭақәа акык-ҩбак анырҵозтгьы, анаҩстәи аномерқәа рҟны, акьыԥхь збоз аԥсуаа рҩымҭақәа рацәахеит. Ажурнал ҭыҵуан 1953 шықәса инаркны 1961 шықәсанӡа, есымза знык-знык есышықәса 12-12 номер.

Зиа Барцыц иани иаби Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар ируаӡәкны атәым дгьыл иқәнагалеит. Ҭырқәтәыла, Адаԥазар анхара иалагеит, иара убрауп рыхшарагьы ахьырааӡаз. Усҟантәи аамҭазы Зиа Барцыц иҭаацәа ирылшеит рхәыҷы иреиҳау аҵара-дырра иҭара. Хымԥада, уи аԥхьаҟа иоураны иҟаз ахыԥша, иахьа ԥсра-ӡра ақәымкәа иаанхеит. 

Зиа Барцыц иԥсҭазаара даналҵ анаҩс, ажурнал ахьӡ ԥсахын. Иара иԥсҭазаара далҵит 1953 шықәса рзы, Анкара ақалақь аҟны. 

Ажәабжьқәа зегьы
0