Шәача ақалақь аҟны Гәдоуҭатәи ашьапылампыласыҩцәа аԥхьахә ргеит

© из архива Футбольного клуба "Рица"Гәдоуҭатәи ашьапылампылтә команда "Риҵа"
Гәдоуҭатәи ашьапылампылтә команда Риҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XVI жәларбжьаратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә шьапылампылтә турнир "Весенний кубок южной столицы" мҩаԥысит Шәача, мшаԥымза 2 – 7 рзы.

АҞӘА, мшаԥымза 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. XVI жәларбжьаратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә шьапылампылтә турнир "Весенний кубок южной столицы" мҩаԥысит Шәача, мшаԥымза 2 – 7 рзы. 2005 шықәса рзы ииз гәдоуҭатәи ашьапылампылтә команда "Риҵа" алахәылацәа актәи аҭыԥ ааныркылеит атурнир аҟны.

Абри атәы Sputnik акорреспондент изааицҳаит акоманда азыҟаҵааҩ Гоча Сулаиа.

Акоманда хә-хәмаррак ирылахәын, зныкгьы иаҵамхеит. Уи адагьы ахәмаррақәа зегьы раан зынзаҵәык ауп рымба ампыл анҭадыршәыз ("Риҵа" — "Коломна", 3:1).

Дара ракәзар иааидкыланы 18 мпыл ҭадыршәит.

"Ҳкоманда рыцыхәмаруан Лазаревск, Шәача, Маиҟәаԥ, Армавир ркомандақәа", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Аатурнир аҟны иреиӷьу ахәмарыҩцәа ҳәа иалыркааит Рауль Гагәулиа, Никита Қаԥшь, Даниил Ҭаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0