Ҳашыг: "Аинформациа аиуразы" азакәан - идемократиатәу закәануп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik астудиаҿы Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг еиҭаиҳәеит 2008 шықәсазы ирыдыркылаз "Аинформациа аиуразы" азакәан аамҭа иахьынӡқәшәои иалагалаз аԥсахрақәеи ртәы.

АҞӘА, 10 апр — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. "Аинформациа аиуразы" азакәан убасҟак идемократиатәуп, ажурналистцәа ракәым, Аԥсны атәылауаҩра змамгьы, аҳәаанырцәынтәи ауааԥсырагьы алшара рнаҭоит дара ирҭаху азҵаарақәа рзы ҳҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыдҵаалара. Абри атәы азгзеиҭеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла  Руслан Ҳашыг.

Азакәан рыдкылан 2008 шықәсазы, уи аахыс ажурналистцәа аинформациазы рҭахрақәа рахьҽырыԥсахыз, азакәан иалагалан аԥсахрақәа. 

"2008 шықәсазы ирыдыркылаанӡа инарҭбааны алацәажәара мҩаԥысуан. Апарламент аҿы аус адиулон усҟантәи адепутат Баҭал Кобахьиа. Даҽа закәанк иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, акьыԥхьаҿ оума, ауаажәларраҿы оума, аҳәынҭқарратә аиҿкаарақәа роума зегьы алархәны даараӡа ибзианы аус адулан", — иҳәеит Ҳашыг.  

Руслан Ҳашыг игәаанагарала, азакәан ахаҭа "Акьыԥхьразы" азакәан инаваргыланы аҩбатәи азакәан акәын дара адемократиатә принципкәа алзыршо, иаарту ҳәынҭқаррак аҳасабала иазхазҵо. 

"2015 шықәсазы апарламент 5-тәи аилазаара аԥсахрақәа аларгалеит, идырӷәӷәеит. Ажәабжь аиуразы азин змоу ауаа, убри анагӡара алзмыршо рҭакԥхықәра. Уаҟа иазгәаҭан аԥаратә хараԥса иршәо. Аха уажәы ашьауӷа аҿынӡа иазгәарҭаша аԥҟарақәа аларгалеит. Иара убас иарбанзаалак аҳәынҭқарратә маҵзура ахатәы интернет саитқәа раԥҵара, уи ала аинформациа рыларҵәаразы. Урҭ рҩызцәа аԥсахрақәа алагалан ажурналистцәа имҩаԥыргаз аҭҵаара иабзоураны", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.

Интервью - Sputnik Аҧсны
Руслан Ҳашыг: аԥсуа журналистцәа аӡәы иҵамхо иҟаҵатәуп

Аха ауашәшәыррарақәа зхылҿиаауа азакәан ақәныҟәара, анагӡара аҭагылазаашьа ауп,  иҳәеит журналист. Аҳәынҭқарратә усбарҭеи, амчреи, ажәлари ирыбжьаҟазоу ажәабжь аганахьала ажурналистцәа ишақәнаго ирласны ажәабжь роуазар ауп. 

"Иахьатәи аҭагылазаашьа атәы ҳҳәозар, иашаҵәҟьаны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иаадыртит аинтернет саитқәа. Аха уи иаӡбаӡом апроблемақәа зегьы, иаҭахуп урҭ жәабжьла реиқәыршәара. Азакәан аҿы иҟоуп аԥҟара, аинформациа актуалразы, ахҭыс иҟалараны иҟоу азы заа адырра аҟаҵара, мышкы еиҵамкәа ҳәа. Убри ажурналистцәа русура акыр иҳәаақәызҵо, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа раартра алзыршо ԥҟароуп. Избан акәзар иарбанзаалак аусабрҭа аҽаартра ишазыхио аанарԥшуеит. Ҳара иахеи-уахеи иҟало ахҭысқәа ирықәҳарӡуа аамҭа рацәоуп. Убри азоуп ари азакәан иазаԥхьагәанаҭо заа ахҭыс азы Амассатә информациатә хархәагақәа адырра рыҭара", — иҳәеит Руслан Ҳашыг. 

Иара иазгәеиҭеит, еиуеԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа асаит аҿы икнарҳауа ахҭыс азы адыррақәа харҭәааӡам, убри аҟынтә ажурналистцәа ирҭахуп иҵегьы аинформациа. Еиҳаракгьы иҟалараны иҟоу ахҭыс азы адырра. Убарҭ асаитқәа рҿгьы иҷыдоу арубрикақәа рыла иазгәаҭатәуп ауаҩы илаԥш ақәшәартә. 

"Амаҵзураҿы иҟоу еилыркаауазароуп дара рсаитқәа инарҷыданы адунеи аҿы аҿиара бзианы ишамоу аинтернет, убри аҟынтә ажәабжь ирласны ишцо. Ахҭыс иалаху иҟоу шыҟаҵәҟьо ауаа ирарымҳәар уи хазырҭәаауа уҳәан-сҳәанқәа рацәахоит. Ажурналистцәа рхархәарала рыхҭыс азы адырра ауаа ирызнаргар бзиуоп", — иҳәеит Ҳашыг. 

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла  Руслан Ҳашыг ирадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы игәалаиршәеит, ҩба-хԥа шықәса раԥхьа аилкаарақәа шымҩаԥырго иаҳа иаарту амаҵарауаҩы ма еиҳа иарку дазусҭада ҳәа. Ҳашыг иазгәеиҭеит, Аԥсны ауаа рхыԥхьаӡарагьы, адгьыл ҵакырагьы ахьыҭбаам, ажәабжь ирласны ишнаҩуа, убри аҟынтә заа иҟоу-шыҟоу ажәлар идырҳалатәуп.   

Ажәабжьқәа зегьы
0