Аҭоурых ашьҭа аамҭа ианнахуам

© SputnikНури Кәарҷиа
Нури Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи раԥхьаӡа аԥсыуак ибара иахылҿиааз агәыбылра атәы дазааҭгылоит Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Уижьҭеи иҵуеит 42 шықәса. Омар, Ҭырқәтәылаҟа амҩа данықәлоз, аԥхьаҟа ҳаимадара мыӡырц азы ҳамҭас исиҭеит ихьӡи ижәлеи зныз шәҟәы бӷьыц хәыҷык. Уи аибашьра иацәынханы иахьа уажәраанӡагьы иҵәахны исымоуп, ҳәа иҳәеит Нури Кәарҷиа. Ари ахҭыс ҟалеит 1975 шықәса азы. Иара усҟан 22 шықәса дырҭагылан.

"Ҽнак шьыжьымҭан шаанӡа Аҟәа агаҿа снавалеит. Ус дҳақьԥсықьуа, дыццакы-ццакуа даасԥылеит харантә издыруаз бырзен хаҵак. Дсазҵааит, уаԥсыуоума, ҳәа. Ааи, саԥсыуоуп сҳәеит саргьы. Суҳәоит, нас асасааирҭа "Абхазиа" аҟны унеирц. Иаха Ҭырқәтәылантәи асасааирҭа гәыԥҩык аԥсуаа аҭааит, ирҭахуп ԥсыуак ибара", — игәалаиршәоит Кәарҷиа.

Кавказ ажәларқәа ирызкыу ажурнал - Sputnik Аҧсны
Кавказ ажәларқәа ирызкыз раԥхьатәи ажурнал

Иажәа ҳәаны далгаанӡа, асасааирҭахь ддәықәлахьан. Ҭырқәтәыла аԥсуаа шынхоз иаҳахьан, аха идунеихаан урҭ иреиуаз аӡәгьы димбацызт.  

Сныҟәашәа иацҵо дук мырҵыкәан асасааирҭа ашә аартны санаҩнаххы, адәныҟа адәылҵра згәы иҭаз аӡәи сареи ашәхымсаҿы ҳааиҿаҳаит, хаҵа нырҳак, деихых-еиҵых, еилаҳәашьала цәгьа еиҿкааз уаҩы ԥшӡак иакәын иара. Сара шьҭахьҟа снаскьан амҩа исҭеит. Сгәы исанаҳәоит уара уаԥсыуоуп ҳәа-ҿааиҭит ԥсышәа цқьала. Ааи, аха излажәдыри, наиаҭаскит саргьы. Дад, дарбан иахьатәи аамҭазы, даԥсыуамзар, аиҳабы дгәаҭаны амҩа изҭо, ҳәа нациҵеит иара. Саҭамыз, шәара Ҭырқәтәылантәи иааз асасцәа шәреиуоума, изгәаӷьит зҵаарак иҭара. Дад, сара ссасӡам, сара сыԥсадгьыл ахь сааит, маҷк ихьшәаны акәзаргьы. Сара с-Беигәаауп, Омар сыхьӡуп. Уара, дад, узыжәлада, ҵааара ԥхашьарам, насаҭеикит маҷк даахәыцны. С-Кәарҷиоуп, Нури сыхьӡуп, сҳәеит изҵаара аҭак ҟаҵо. 

© Foto / Сырма АшәԥҳаОмар Беигәааи иԥшәмаԥҳәыси
Омар Беигәааи иԥшәмаԥҳәыси - Sputnik Аҧсны
Омар Беигәааи иԥшәмаԥҳәыси

Ҳаи, Аллаҳ, Аллаҳ, иҳәан, дааҭгылт. Нас маҷк дааԥхашьама уҳәаратәы инациҵеит:

Ҳаицәтәымуаамзап уареи сареи, ужәлантәык дызбарц шысҭахыз ауп ҳшеиниаз. Шәаҳәшьак ҳаҩны дыҩнагылоуп… Уи ишԥа, исаҳаз азныказы исзеилымкаауа снаиазҵааит.  Ахәыҷқәа ран шәара дшәаҳәшьоуп, иҳәеит Омар ду. 

Нас, насҭхашәа ҳаагылан ацәажәара ҳалагеит. Иажәабжь иалаҵаны иҳәеит ҳаижәлантәқәа Кәарҷиаа, Ҭырқәтәыла ишынхо, ҳыԥхьаӡарала ирацәамзаргьы урцәыԥхашьартә ишыҟам. Иҳәеит, Ҭырқәтәыла аԥсуаа шырацәоу, уахгьы-ҽынгьы хьаас Аԥсны шрымоу, аара шырҭаху.  

Нури Кәарҷиеи аубых бызшәала ицәажәоз Ҭефиқь Есенџьи иареи аҵыхәтәантәи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Нури Кәарҷиа: аубых бызшәа ашьҭыбжь ансаҳа акыр иџьасшьеит

Ԥыҭрак ҳанеицәажәа ашьҭахь, уаасзыԥшы, иҳәан днасыдҵны иуадахь дхалеит. Дук мырҵыкәа еилаҳәарак иҩыҵракны дналбааит. Сашьцәа убозар ирызша ҳәа, шәаҳәшьа, аижәлантәқәа ҳамҭа хәыҷқәак шәзаалҭиит. Уи ашараҿы уара сурманшәалап ҳәа сгәыӷуеит, иуаҭәасшьоит, аха иҳәан аилаҳәара аасиркит.

Ҳазхара ҳанеицәажәа ашьҭахь, аамҭала дааныжьны сахьцоз сзызхәыцуаз, зыԥсадгьыл шықәсы рацәала иаҟәыгаз ажәлар еиқәырхашьас иарҭазеи рбызшәа, раԥсуа ламыс, рҵас, рқьабз ҳәа акәын. Инапынҵа насыгӡеит, Ҭырқәтәылатәи ҳаҳәшьа Шьаина лҳамҭақәа иахьынӡауаз зегьы ирхьысыгӡеит, нас аиашьара ҳааигәныҩын ҳамаҳә даҳбеит. Излаҳалшоз ала пату иқәҵаны, иаамҭа анааи Ҭырқәтәылаҟа днаскьаҳгеит.

"Раԥхьатәи ҳаиқәшәараан, сара инарҵауланы деилкааны дсыздыруамызт аҟынтә, иџьасшьоз иаԥсшәа ҳәашьа, иаамысҭашәара, иаԥсуара акәын. Аха, нас иҭоурыхи, ижәлар рзы ихы иаирбахьо иџьабаақәа аныздыр, ирҿиаратә мҩа анеилыскаа, убасҟан ауп 1975 шықәса рзы асасааирҭа "Абхазиа" ашәхымс аҿы машәыршәа сызҿаҳаз ауаҩ ду дызусҭаҵәҟьаз анеилыскаа", — ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Ииашаҵәҟьаны, Омар Беигәаа еиԥш иҟаз амилаҭ фырхаҵа дыздыруаз насыԥ ду рымоуп ҳәа иԥхьаӡоит!

Ажәабжьқәа зегьы
0