"Анасыԥ" иҷыдоу ахәыҷқәа рыблала

© Sputnik Есиава БадриАцәыргақәҵа "Сара иҭысхуеит анасыԥ" мҩаԥысуеит Аҟәа
Ацәыргақәҵа Сара иҭысхуеит анасыԥ мҩаԥысуеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа "Сара иҭысхуеит анасыԥ" мҩаԥысуеит Аҟәа, мшаԥымза 12-14 рзы.

АҞӘА, мшаԥымза 13 — Sputnik, Бадри Есиава. Зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа, ахаша, мшаԥымза 12 рзы. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениаԥҳа иазылыԥхьаӡоит акциа иахықәкы хаданы иҟоу иҷыдоу ахәыҷқәа ауаажәларратә еилазаара рылагалара ауп ҳәа.

"Ахәыҷтәы реабилитациатә центр иаус хаданы иҟоу ахәыҷқәа ҳаамҭазтәи аилазаара рылагалара ауп, аԥсихологиатә уадаҩрақәа рҟны рыцхраара ауп", — лҳәоит лара.

Аекспозициа "Сара иҭысхуеит анасыԥ" еиднакылоит 70 усумҭа.

Ацәыргақәҵа афинанстә дгылара азҭаз аҭелтә ҳа ахаҭарнак Гета Арӡынԥҳа ацентр аколлективи ахәыҷқәеи дрыдныҳәалеит. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа ацентр аусзуҩцәа уахи-ҽни асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа нап рыдыркылоит, рхы-рыԥсы рықәырҵоит иҳәеит.

Аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа класс-классла рҵаҩцәа ацәыргақәҵахь иааргеит.

"Аӡиа иӡааԥшыло аҵлақәа" захьӡу Амина Бигәааԥҳа лҭыхымҭа сахьа егьырҭ ирылылкааит афонд "Кьараз" анапхгаҩы Камма Гоԥиаԥҳа.

"Асахьақәа ахәыҷқәа рыҩныҵҟатә дунеи рныԥшуеит. Убри инамаданы сара агәахәара снаҭоит асахьақәа зегьы ԥшшәы рацәала иахьбеиоу. Ари иаанаго ареабилитациатә центр аҟны ахәыҷқәа нап рыдкылоуп ауп", — лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа мҩаԥгоуп Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр аартра ҩышықәса ахыҵра.

Ажәабжьқәа зегьы
0