Алхырҭатә ҭыԥ № 17: ҩыџьа акандидатцәа ашәҟәы рҽанырҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхрақәа
Алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхырҭатә ҭыԥ № 17 аҟны ахәаша, мшаԥымза 14, асааҭ 18:00 рзы ихыркәшахоит адепутатразы акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара. Абри атәы ҳзаарыцҳаит Ацентртә алхратә комиссиаҟынтә.

АҞӘА, мшаԥымза 14 — Sputnik, Бадри Есиава. Уажәтәи аамҭазы абри алхырҭатә ҭыԥ аҟны ашәҟәы иҭагалоуп Леонид Чамагәуеи Леонид Лакербаиеи.

"Иахьатәи аамҭазы алхырҭатә ҭыԥ №17 аҟны ашәҟәы иҭагалоуп Леонид Чамагәуеи Леонид Лакербаиеи. Амш ахы-аҵыхәала ААК арҭ акндидатцәа рышәҟәқәа ирыхәаԥшны аӡбра аднакылоит", ҳәа рҳәеит Ацентртә алхратә комиссиаҟны.

Алхырҭатә ҭыԥ № 17 аҟны ахәаша, мшаԥымза 14, асааҭ 18:00 рзы ихыркәшахоит адепутатразы акандидатцәа рҟынтәи азыҳәақәа рыдкылареи ашәҟәы рҭагалареи.

Азыҳәа неишьҭыр ҟалоит дарбанызаалак атәылауаҩ.

2017 шықәса хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысуаз алхрақәа раан абри алхырҭатә ҭыԥ аҟны алхрақәа зышьақәымгылеит, иахәҭаз ауаа рхыԥхьаӡара бжьыҭира иахьымнеиз иахҟьаны. Аиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2017 шықәса, лаҵарамза 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0