Удмуртиатәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Аԥсны иаҭааны иҟан

© Sputnik Бадрак АвидзбаПресс-конференция представителей ТПП Удмуртии и Абхазии
Пресс-конференция представителей ТПП Удмуртии и Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 9 раахыс Удмуртиатәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациеи ажурналистцәеи Аԥсны иаҭааны иҟан.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Мшаԥымза 9 раахыс Удмуртиатәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациеи ажурналистцәеи Аԥсны иаҭааны иҟан. Дара еиҳарак аинтерес рыман ақыҭанхамҩатә наплакқәа, арыжәтә аалыҵқәа рнаплакқәа русушьа, атурист обиектқәа рҭагылазаашьа.

Ателерадиоеилахәыра "Удмуртия" адиректор Марина Городилова лажәақәа рыла, Аԥсны иазку афильм ҭыххоит. Афильм иалнаршоит Удмуртиа ауааԥсыра Аԥсны азы ирымоу адыррақәа рырҭбаара, аинвестициақәа Аԥсныҟа радыԥхьалара.

"Ҳара ҳаилахәыра миллионки бжаки рҟынӡа ауааԥсыра ирзырхоуп. Ҳара арахь ҳаара хықәкны иамоу Удмуртиа ауааԥсыра еиҳа инарҭбааны Аԥсны дырдырроуп. Ҳара иаҳҭахуп арахь ҳауаажәлар ԥсшьара иааларц, аекономикатә еимадарақәа ҳабжьаларц. Абарҭ зегьы ирзырхахоит иҭаҳхраны иҟоу афильм", — лҳәеит лара.

Аԥсны аӡыргара аҩ-ганк рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы ихәарҭоуп ҳәа азылыԥхьаӡоит аинформациатә маҵзура "Удмуртия" ажурналист Ольга Константинова.

"Аԥсныҟа иахьазы еиҳарак иаауа абиԥара еиҳабқәа роуп. Урҭ асовет аамҭа ргәалашәарақәа адырҳәалоит. Сара исҭахуп аҿар Аԥсны дырдырра", — лҳәеит лара.

Ажурналист агәаԥхара ду аҵаны дрылацәажәеит Аԥсны илхылгаз ахәымш.

"Сара зегьы схырхит: аԥсабара, амилаҭтә чыс, ауаа, агәыҭбаара. Сгәы иаанагоит Аԥсныҟа агастрономтә турқәа рымҩаԥгарагьы алыршахар ҟалоит ҳәа", азгәалҭоит лара.

Светалан Ежова удмуртиатәи аклуб "Клуб любителей Абхазии" напхгара ахьалҭо адагьы удмуртиатәи атуристтә еилахәыра "Индустрия путешествий" асоциалтә проектқәа рыҟәша аиҳабыс дыҟоуп. Светлана Ежова Аԥсны лыҟазаараан Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата даҭааны лпроектқәа рыдылгалеит. Лара илыгәҭакуп Аԥсны атуристтә индустриа Удмуртиагьы алархәра.

"Аԥсны амшын шәымазар, ҳара сыла ҳбеиоуп. Удмуртиа иҟоуп Тол Бабаи (Аҵаа Бабаду) итәарҭа, ашәҩа базақәа, Калашников имузеи. Урҭ рыдагьы ақалақь Воткинск аҟны диит еицырдыруа акомпозитор Петр Илиа-иԥа Чаиковски. Уоуп дара рџьынџьҩнгьы ахьыҟоу", — лҳәеит Ежова.

Аидгыла "Удмуртиатәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата" ахеилак ахантәаҩы Виктор Любимов агәра игоит Аԥсныи Удмуртиеи реинырра шырҭбаатәу.

"Ҳара макьаназы иҳамам инарҭбаау ахәаахәҭратә еимадара. Иҟоуп иҟаҳҵақәахьоу, аха урҭ маҷуп. Ҳара уажәы ҳарҭааит имаҷымкәа анаплакқәа. Иҟаз аҭагылазаашьа аабеит. Ҳаргьы иҳалшо ҳазхәыцит. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟазы ҳусеицура алҵшәа аиуп ҳәа", — иҳәеит иара.

Аԥсны ААП апрезидент Геннади Гагәлиа иҩыза ииҳәаз дадгыло иазгәеиҭеит:

"Ҳаизыҟазаашьақәа аԥеиԥш бзиа шроуа агәра згоит. Делегациак аҳасабала арахь шәаара еиҳагьы иарцыхцыхуеит ҳаизыҟазаашьақәа, ҳаицусура", ҳәа.

Атуризми ақыҭанхамҩеи ихадароу хырхарҭақәахоит Аԥсныи Удмуртиеи русеицураҿы.

Удмуртиатәи аделегациеи Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахбеи Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳаи, Ақыҭанхамҩа аминистр даур ҭарбеи аиԥылара рыман.

Удмуртиатәи аделегациа авизит хықәкны иаман Аԥсны аекономикатәи атуристтәи лшарақәа рыҭҵаара, ареспублика аԥсҭазаара инарҭбааны Удмуртиа аӡыргара.

Ажәабжьқәа зегьы
0