Акьыбачымазара азыԥхьагәаҭаразы акциа хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАкьыбачымазара азыԥхьагәаҭаразы акциа хацыркуп
Акьыбачымазара азыԥхьагәаҭаразы акциа хацыркуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" захьӡу акциа мҩаԥыргоит жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аҳақьымцәа. Акциа мҩаԥысуеит Аҟәа, мшаԥымза 18-21 рзы, Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҟны (Аубыхқәа рымҩа №4).

АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Мшаԥымза 18, ашьыжь асааҭ жәба инаркны ихацыркхеит "Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" захьӡу акциа. Абри атәы ҳзааицҳаит Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҳақьым хада Лев Аргәын. Акциа мҩаԥысуеит акьыбачымазаразы аҳақьымцәа Евразиатәи рфедерациеи акьыбачымазара иаҿагылоу Евразиатәи афонди рнапхгарала, анаука-ҵаратә центр "Евразиатәи акьыбачымазаратә программа ЕАФО" адгыларала.

Лев Аргәын. - Sputnik Аҧсны
Аргәын: дарбанызаалак ауаҩԥсы иԥсҭазаара ҳазықәԥоит

Адкылара мҩаԥыргоит аҳақьым-маммологцәа, лор-онколог, агинеколог, ауролог, агематолог, ацитолог, УЗИ аппарат аус адулаҩцәа.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла ауааԥсыра активла рхы аладырхәуеит имҩаԥысуа акциа. Мшаԥымза 18-21 рыбжьара уахь инеираны ашәҟәы рҽанырҵеит 120-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.

"Сара сгәы иаанагомызт асеиԥш ауаа рацәахап ҳәа, избанзар ари ачымазара шамахамзар ауаа идырзаӡом. Ҳахьӡозар ашәҟәы зҽанызҵаз зегьы ргәаҭара мҩаԥгахоит, ҳахьымӡар, асиа цҵақәа еиҿаҳкаауеит", — иҳәеит иара.

Акциа ареспублика ауааԥсыра рдиспансеризациа акәӡам иззырхо, иара азырхоуп ҷыдала ауаа ргәаҭара.

"Акциа иаҳнаҭоит алшара ареспубликаҿы абри ачымазара аҭагылазаашьа зеиԥшроу абара. Ирацәаҩума ачымазара змоу мамзаргьы имаҷҩума", — иҳәеит аҳақьым хада.

Астатистика далацәажәо Аргәын иҳәеит аҳәса рганахь ала ачымазара ахыԥхьаӡара шеизҳауа.

Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аус зуа аҳақьым-адерматолог Ирена Шливко иазгәалҭеит аҳақьымцәа рҿаԥхьа идҵа хаданы иҟоу ачымазара аарԥшра адагьы Аԥсны ишалшо ала уи ачымазара ахәышәтәра аметодқәа рышьақәыргылароуп.

"Апациент арахь ааира шицәыуадаҩу идыру акоуп. Аха иара данааихгьы аҳақьым уи иахәҭоу ахырхарҭа изиԥшаароуп, изеиҭеиҳәароуп иара еиҳа изыманшәалоу ахәышәтәратә метод", — лҳәеит лара.

Ирена Шливко иазгәалҭеит араҟа аусура шыманшәалоу, иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шаԥҵо.

Аҳақьым хада Лев Аргәын иҳәеит аҳақьымцәа зегьы акциа иалагаанӡа сааҭк шыбжьаз рҭыԥқәа рахь ишааиз.

"Асеиԥш аусура азнеишьа ҳара агәахәара ҳнаҭеит", — иҳәеит Аргәын.

"Акьыбачымазара заанаҵы азыԥхьагәаҭара амчыбжь" захьӡу акциа мҩаԥыргоит жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аҳақьымцәа. Акциа мҩаԥысуеит Аҟәа, мшаԥымза 18-21 рзы, Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҟны (Аубыхқәа рымҩа №4).

Акциа еиҿыркааит акьыбачымазара аҳақьымцәа Евроазиатәи Рфедерациа, Анаука-ҭҵааратә центр "Евразиатәи акьыбачымазаратә программа", Аԥсны

Амилаҭтә акьыбачымазаратә центр, ауаажәларратә фонд "Амшра" адгыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0