Акурортқәеи атуризми рминистрра: апассаџьырцәа рымҩаԥгаҩцәа "иаку абилеҭ" ала аус рулар ҟалоит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтобус
Автобус - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иаку атранспорттә дирекциа" Аԥснытәи ахырхарҭала аусура иалагоит мшаԥымза 29 2017 шықәса инаркны.

АҞӘА, мшаԥымза 19 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Урыстәылантәи Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала апассаџьырцәа рымҩаԥгаҩцәас иқәгылар алшоит аԥснытәи атранспорттә еилахәырақәагьы. Абри атәы ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

Иара иажәақәа рыла Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба зхадараҟны дыҟаз аԥснытәи аделегациа усутә визитла Шәача рыҟазаараан ирылацәажәеит урыстәылатәи аган иҳаднагало амаҵзура ҿыц аиҿкааратә зҵаарақәа.

"Амшхәаԥштә азҵаара алацәажәараан иазгәаҭан аԥснытәи атранспорттә еилахәырақәагьы апассаџьырцәа ирымҩаԥгаҩцәахар шалшо: 50% — Аԥснытәи атранспорттә еилахәырақәа, 50% — Урыстәылатәи атранспорттә еилахәырақәа. Абасала, атранспорттә еилахәырақәа рҟынтәи ӡәыр аинтерес рымазар, ирылшоит аконкурс рхы алархәра", — иҳәеит Ахба.

Иара иазгәеиҭеит "иаку абилеҭ" ала Аԥсныҟа иаалар шалшо атуристцәа рыдагьы атәылауаа. Иара иҳәеит амаҵзура ҿыц алагалоуп Аԥсныҟа иаауеи Аԥснынтәи ицои апассаџьырцәа еиҳа рырманшәаларазы.

"Иаку абилеҭ" — уи билеҭк ала адәыӷба, аҳаирплан ма автобус ала аныҟәара анулшо ауп. Асеиԥш иҟоу амаҵзурақәа рхы иадырхәоит адунеи зегьы аҟны. Апассаџьыр имоуп алшара еиҳа ихазы еиӷьны иибо амаҵзура алхра", — иҳәеит Ахба.

Асҭамыр Ахба иара убри аан иазгәеиҭоит аԥсуа ган абри аҭагылазаашьаҟны азинқәа кьаҿны ишимбо.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла аԥхынразы есыҽны Аԥсны аҳәаахь иҭалоит 50-60 рҟынӡа екскурсиатә автобусқәа.

"Урыстәылатәи аган есааира аиӷьрақәа аланагалоит, асервис арҿыцуеит, хаз иго атранспорт агыларҭақәеи амҩасырҭақәеи еиҿнакаауеит", — иҳәеит Ахба.

Аԥсуа ган аҟны еиҳа ирмариоу асхема аус ауеит: апассаџьырцәа автобусқәа ирҭыҵӡом. Аҳәаахьчаҩ апаспорттә гәаҭара мҩаԥигоит, аҳазалхҩы абагаж иацу ашәҟәқәа хеирҭәаауеит, амашьынарныҟәцаҩ иакәзар убри аан Аԥсны Аҳәынҭқаррахь алаларазы ихымԥадатәиу адокументқәа хеирҭәаауеит.

"Иаку атранспорттә дирекциа" Ҟрымҟагьы аныҟәаразы еиҿнакааит "иаку абилеҭ" амаҵзура. Абри амаҵзура инақәыршәаны миллионк инареиҳаны апассаџьырцәа рныҟәара еиҿыркаахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0