"Каданс" раԥхьаӡа акәны Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҟны иқәгылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷтәы естрада-музыкатә театр "Каданс" аконцерт
Ахәыҷтәы естрада-музыкатә театр Каданс аконцерт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы естрада-музыкатә театр "Каданс" аконцерт арепертуар алахәылацәа рхаҭа еиқәдыршәеит ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы Алик Алавердиан.

АҞӘА, мшаԥымза 21 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ахәыҷтәы естрада-музыкатә театр "Каданс" аконцерт Аҳәынҭқарратә филармониа асценаҟны имҩаԥысит аԥшьаша, мшаԥымза 20 рзы. Аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы Алик Алавердиан ҳкорреспондент аинтервиу анииҭоз иазгәеиҭеит, ансамбль раԥхьаӡа акәны Аҳәынҭқарратә филармониаҟны ишықәгыло.

"Ҳансамбль асолотә концертқәа шымҩаԥнагахьогьы афилармониаҟны раԥхьаӡа акәны иқәгылоит. Акыр ҳагәқәа хыҭхыҭуеит, аха сгәы иаанагоит ишахәҭо ҳхы ааҳарԥшып ҳәа", — иҳәеит Алавердиан.

Иара иажәақәа рыла аконцерт арепертуар аколлектив алахәылацәа еиҿыркааит. Аԥсуа, аурыс, англыз бызшәақәа рыла инарыгӡараны иҟоуп рашәақәа.

"Каданс" анапхгаҩы Алик Алавердиан иазгәеиҭеит аконцерт аиҿкаара иацхрааит Ковач ихьӡ зху аҟазара ашкол №1 ҳәа.

"Каданс" еиҿкааужьҭеи хышықәса ҵуеит. Лаҵарамза 27 инаркны рашәарамза 17 рҟынӡа Артек имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи афестиваль иалахәхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0