Лакрба: милаҭла иақырҭуаз астудентцәа аԥсуа университет аиҟәшара иашьҭан

© Sputnik / Томас Тхайцукажурналист Оҭар Лакрба
ажурналист Оҭар Лакрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik арадио аҟны ажурналист Оҭар Лакрба далацәажәеит мшаԥымза 21 1989 шықәсазы ақырҭуа студентцәа иҩаԥыргаз акциа.

АҞӘА, мшаԥымза 21 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Милаҭла иақырҭуаз астудентцәа аԥсуа университет аиҟәшара иашьҭан, абри атәы иҳәеит ажурналист Оҭар Лакрба.

"1989 шықәсазы Қарҭтәылатәи Аминистрцәа рсовет ахантәаҩы Аԥсныҟа иаара, астудентцәа рҿаԥхьа рықәгылара зызкыз уи акәын, Лыхнытәи ааԥхьара знапы аҵазҩыз, ауниверситет аусзуҩцәа иаԥсыуааз рмаҵурақәа иамырхырц азы", — ҳәа иҳәеит Оҭар Лакрба.

Лакрба иажәақәа рыла, милаҭла иақырҭуаз астудентцәа Аԥсны аиҳабыра имҩаԥыргоз аполитика иаҿагылан. 

"Иара уи аамҭазы Қарҭтәылатәи акомпартиа ацентр акомитет ирыдыркылаз ақәҵара иаҳәоз уи акәын "ақырҭуа бызшәа аҿиара" ҳәа. Ари адокумент Аԥсныҟагьы иааит. Аҵарауаа, ауаажәларра ари ақәҵара изақәшаҳаҭхомызт. Уи еиҳа ҳаԥсуа бызшәа иҵанарбгон", — ҳәа ациҵеит иара.

Ажурналист Оҭар Лакрба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа данырзамымх ус рыӡбеит, ауниверситет еиҟәыршарц. Ирҭаххеит Қарҭтәи ауниверситет аҟәша Аҟәа иаартызаарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0