Гәырам Амқәаб Маргарита Ладариаԥҳа лзы: аԥсуа наука дацәыӡит аҵараҩ ду

© Sputnik / Бадри ЕсиаваМаргарита Ладариаԥҳа 92 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит
Маргарита Ладариаԥҳа 92 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, мшаԥымза 21 рзы, 92 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аҵарауаҩ, Аԥсны анаукақәа ракадемиа академик, аҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу Маргарита Ладариаԥҳа.

АҞӘА, мшаԥымза 13 — Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсуа наука дацәыӡит аҵараҩ ду, абри атәы Sputnik арадиостудиа аҿы иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра адоцент Гәырам Амқәаб.

Амқәаб иазгәеиҭеиҭ, Маргарита Ладариаԥҳа 50 шықәса инареиҳаны аус шылуаз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы, акыршықәса напхгара азылуан аурыси аҳәаанырцәтәи алитературақәа рҭоурых акафедра. 

"Маргарита Ладариаԥҳа илыхьчеит акандидаттә диссертациа Тургенев ироман "Накануне" ала, анаҩс адоктортә диссертациа "Тургенев и писатели Франции в XIX веке" ҳәа хыс изауз. Уи лҩымҭа даара ахәшьара ҳаракы арҭеит Урыстәыла аҵарауаа", — иҳәеит Амқәаб. 

Адоцент игәалаиршәеит, Маргарита Ладариаԥҳа дшырхыԥхьаӡалоу атургеневедцәа. Лмонографиа ахархәара ду амоуп иахьагьы Урыстәыла ауниверситетқәа рҿы. Лусумҭақәа рыхә ҳаракны иршьоит Аԥсынгьы Урыстәылагьы. 

"Иара убас аԥсуа поетцәа, ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ирызкны илыҩхьо рацәоуп, иаҳҳәап, Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа "Ацынҵәарах", "Ахаҩ еиҩса", Фазиль Искандер ирызкны. Урҭ аусумҭақәа рыла аҵара рҵоит астудентцәа ауниверситет аҿы. Лусумҭақәа, лнаукатә ҭҵаарақәа ахархәара ду рымоуп. Шықәсқәак раԥхьа Даур Занҭариа иҩымҭақәа ирызкны астатиа ду лҩит", — иҳәеит иара.  

Маргарита Ладариаԥҳа лџьабаа аԥсуа наукаҿы даараӡа ирацәоуп. Ауниверситетгьы астудентцәагьы ирныԥшуеит Маргарита Ладариаԥҳа лыҟамзаара ҳәа иԥхьаӡоит Гәырам Амқәаб. 

"Ашықәс рацәа шылхыҵуазгьы аудиториахь днеиуан, астудентцәа дырзаԥхьон алекциақәа. Лара ллекциақәа иуҳәар ҟалоит етапк иаҩызоуп, избанзар аԥышәа ду змаз аҵарауаҩ илҳәоз аҵак ду аман", — иҳәеит журналистика акафедра анапхгаҩы.

Гәырам Амқәаб иазгәеиҭеит, астудентцәа бзиа ибаны еснагь ллекциақәа ишырзыӡырыҩуаз. 

Ажәабжьқәа зегьы
0