Ажәлар рычҳара хыҵыр, амшын аҭра иҭнацоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зинда ахыбрақәа рыргылара, мамзаргьы аҭоурыхтә ҵакы змоу аҩынқәа рырбгара иахьатәи аамҭазы акырџьара аҭыԥ рымоуп, абри апроблема азы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аамҭа-ааҭала ицәырҵуеит зинда ахыбрақәа рыргылара, мамзаргьы аҭоурыхтә ҵакы змоу аҩынқәа рырбгара ирыдҳәало аҭыӡшәақәа. Еиҳаракгьы уи мҩаԥысуеит ахҭныкалақь аҿы. Иҟалап, Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿгьы уи аҩыза ацәырҵракәа ыҟазаргьы, аха ҳҳәынҭқарра агәы ахьеисуа аҳҭнықалақь аҿы еиҳа иубарҭоуп азакәан аилагаракәа, ара аус зуа ажурналистцәа  рыбла ҵары иабзоураны. 

Рацәакгьы ҵуам Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы анкьа "Аԥра шкәакәа" захьӡыз ахыбра, уахыки ҽнаки ирылагӡаны еихатәы шьаҟала ианҭахыркааз. Ажурналистцәеи ауаажәларреи рыбзоурала, уи аус аҭыԥ иқәҵан. Уи аԥхьагьы ирбган зҵакы дуу ахыбрақәа жәпакы.

Апарламент - Sputnik Аҧсны
Зжьы ужәыр, зтәан еиламгыло, мамзарагьы Апарламент чаԥоуп

Ахьырхәра атәы ҳхәозар, уи иацу аԥартә шәахтә уамак ибаргәым, убри аҟынтә, азакәан еилазго ирцәыӡуагьы рацәам. Асовет аамҭа иахаану ҳзы ари џьашьахәуп, избанзар, усҟантәи аамҭазы аҳәынҭқарра азин унамҭакәа акгьы  узыргыломызт, иргылаз хатәгәаԥхарала аԥҽра, уи шамаха иуԥымлоз хҭысын.

Усҟан азакәанқәа џьбаран, ауаҩы дахьынхоз ақалақь, ма араион анапхгара рзин имамкәа иҩны аҩныҵҟа аҽыкәабарҭа, ма ашьашьма аргыларагьы азин имамызт. Атәылауаҩ арзаҳал иҩуан аусҳәарҭахь, нас акомиссиа ааны ирыхәшьадуан аус. Ус иҟан, избанзар, иџьбараз аҳәынҭқарратә система аус ауан. Аибашьра ашьҭахь,  аԥҟарақәа реилагара мариахеит, ахьырхәрагьы залмыршахеит.

Абас ицоит иахьа уажәраанӡа. Амал зырҳаз, азин еилаганы ахыбрақәа рыргылара, ма рықәхра  философиас ишьҭызхыз аанкылашьа рымам иахьа уажәраанӡа.  Абар, уажәы иааҳалаҩит даҽа жәабыжькгьы. Ауаа ахьыԥшахьарсуа Аҟәа амшын аԥшаҳәа, Ареспубликатә библиотека азааигәара, ашьапы акра иалагеит  кьафурҭак. 

Имҩаԥаҳгаз аҭҵаарақәа рыла, ари зыргыло ирымаӡам азин шрымо зыршаҳаҭуа ашәҟәы. Азакәан инақәыршәаны амшын аԥшаҳәаҿы ахыбра аргыларазы, иара  адгьыл алхразгьы Аԥсны аминистрцәа реилазаара азин унаҭозароуп. Аха, еснагь еиԥш, азин роуаанза хәа иԥшӡом, аргылара иалагоит, ԥырхага шырмоуа агәра ганы иҟоу амалуаа.

Иџьоушьаша, еснагь еиԥш, абарҭ аусқәа рзы, раԥхьаӡа аҭыӡшәа шьҭызхуа ажурналистцәеи ауаажәларреи роуп. Егьырахь, атәыла анапхгареи, мамзаргььы уи ахылаԥшра зыхәҭоу апрокуратуреи рыбжьы гаӡом. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа ишырҳәо ала, Аԥсны амшын аԥшаҳәаҿы иргыло ахыбрақәа рӷьырак зинда иргылоуп.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ацәгьоуреи ахьырхәреи

Уи аилкааразы иаҭахуп апрокурортә гәаҭарақәа, зегь раԥхьаӡа иргыланы амчраҿы иҟоу рыгәаӷьра. Ула хыуҩар амшаԥгьы цоит рҳәоит. Ас еиԥш иҟоу апроблемақәа рықәҿымҭра, акурорттә хырхарҭала иҿиаша ҳтәыла аҭеиҭԥш еицанакыр алшоит.

Ҳазлацәажәо иреиуоу азҵаатәқәа иахьакәым ианцәырҵыз аха, уажәы амчраҿы иҟоу аиҳабыра раԥхьагылацәа, аоппозициа ианыҟаз, ас еиԥш иҟаз азинеилагарақәа ахьышәҭҳәа рықәҿырҭуан. Дара рықәгыларақәа рҿы ирҳәон  амчрахь инеир "азакәан хьаҳәаԥаҳәада зегь рзы еиԥшны" аусура ишалаго.

Аха, макьаназы ауаажәлар уи аҩыза "алакә ссир" рыла иабаратәы иҟам. Идыру усуп, амшын ахықәан ақьафурҭа аргыларазы азин зырҭо, акыр зылшо, анырра ду змоу роуп, насгьы зинда аргылара иалаго, хыхьынтә авба шырмоуа азы рхы иақәгәыӷуеит. Апоет-астирик Кьыршьал Чачхалиа ишиҳәаз еиԥш "Бадӷа имоуп абӷа".

Ари асатиратә жәеинраала адунеи абеижьҭеи маҷ ҵуама, аха Бадӷараа иахьагьы ишырҭаху иҟоуп, иахьырҭаху аҩынқәа дыргылоит, иргәамԥхо дырбгоит, избанзар "абӷа рымоуп". Абарҭқәа иаадырԥшуеит, алхарақәа анынҵәалак, амчрахь иааиуа аполитикцәа ажәлар ирарҳәахьаз ражәа шырхашҭуа.

Аамҭа ықәҳаны ицоит, аха ҳара ҳахьгылац ҳгылоушәа, азин иацәыхароу аҳәынҭқарра аҭеиҭԥш хаманы ҳааиуеит. Ас ианбанӡа? Ажәлар рычҳара хыҵыр, амшын аҭра иҭнацоит рҳәоит…

Автори аредакциеи ргәаангарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0