Санель Ажьиԥҳа ахәбатәи аоперациа лзутәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСанель Ажьиԥҳа
Санель Ажьиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Санель Ажьиԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит. Еизгатәны иҟоуп миллионки 240 нызқьмааҭ аԥара.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа

Санель Ажьиԥҳа илыхьуа зегьы реиҭаҳәара уалагар, иагьузеиқәыԥхьаӡом: мальформациа Арнольда-Киари-II, агидроцефалиа, бифид-бӷа, ажәҩахтәылыҩрра. Ахәыҷы дмиӡацызт аҳақьымцәа уи ауашәшәырақәа шлымаз анеилыркааз.

"Сара исарҳәаз ашәара сызнарҵысит, аха аҽырбгара зынӡагьы схахьы иаазымгеит. Аҳақьымцәагьы сыуа-сҭахгьы уи шсыдыргалозгьы. Зхы ыҵызххьаз аԥсҭазаара снапала ашьра сылымшеит. Ахәыҷы дани аҳақьымцәа оумашәа ирбеит уи адәахьыҟа лчымазара ахьылнымԥшуаз", — лҳәеит Санель лан Милана Лагизова.

Санель хәыҷы дани аҩбатәи амш аҽны аоперациа лзыҟарҵеит, лыбӷашшара иамаз агрыжа (абифидбӷа) амырхит. Ари ачымазара абӷашшара ианаҭо анырра адагьы ашьапқәа рдабла маҷ, амаха-шьаха аиҭакра, агәчымазара ацуп.

Актәи аоперациа инашьҭарххны ицәырҵит аҽа проблемакгьы: гидроцефелиа (ахшыбаҩ аҟны аӡеизара иахҟьаны ахшыбаҩ аҿиара аилагара). Санель лхаҿы еизоз аӡышьар лыхшыбаҩ иақәыӷәӷәо иалагеит. Шунтирование лзыҟаҵатәхеит. Лхы иҭадыргылаз ашунт абааӡара лыӷрахьы инанашьҭуан. Аха рыцҳарас иҟалаз ашунт ахәыҷы лцәеижь иаднамкылеит. Ауадаҩрақәа рацәаны ицәырҵит. Ашунт лхы иҭыганы, дхәышәтәны, еиҭах аҭыԥ ахь иҭадыргылеит.

Лиана Гокориан - Sputnik Аҧсны
Лиана Гокориан ацхыраара лҭахуп

Абарҭқәа зегьы лзымхозшәа ахәыҷы лкьатеи ааҳәит. Санель ахԥатәи аоперациа лзыруеит, уи инашьҭарххны ашунтԥ.

Санель лан угәы ҭызшьаауа лхәыҷы лҭоурых далацәажәонаҵы, лара акамера аԥхьа дгыланы "асаламқәа" ҳзаалышьҭуан, лсахьа ҭылхуан. Нас, Акәтарцына ӷра иахҳәаау алакә ҳзеиҭалҳәеит, даҳзаԥхьеит абгахәыҷи амаамын Лилиеи ирызку ажәеинраала.

"Ахәыҷы хшыҩла лықәлацәа акала дрыҵахом, ираԥылымгозар. Дызныҟәом ауп. Лшьапқәа рдақәа рылыԥсааӡаны иҟам. Ҳаргьы ҳгәыӷуеит иахьеи-уаҵәи ракәымзаргьы аныҟәара далагап ҳәа", — лҳәоит Милана Лагизова. Мальформациа Арнольда-Киари-II — абас иҟаз адиагноз (абӷашша абӷаҟәырҟәыл ианақәыӷәӷәо) ықәдыргылеит москватәи аҳақьымцәа, иаарласны аоперациа ҟаҵатәуп ҳәагьы рҳәеит.

Санель Ажьиԥҳа аоперациа лзыура дазыхиоуп аҳақьым-анеирохирург, амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор Евалдас Чеснулис. Аоперациа ахәԥса иартәоит миллионки 240 нызқьмааҭ.

"Ҳара Аԥсны усеиԥш иҟоу аоперациақәа ҳзымҩаԥгаӡом. Ахәыҷы лзы иара хымԥадатәиуп. Ианаамҭо ацхыраара лмоуп ДЦП ахь ииасыр ауеит, иҟалоит, анцәа иумҳәан, дыԥсыргьы", — иҳәеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0