Ҳаџьымба: 2017 шықәса рзы Аԥсны атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит

© Sputnik / Владимир БегуновАԥсшьаҩцәа
Аԥсшьаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара анҭыҵтәи реилатәара мҩаԥысит мшаԥымза 27 рзы Гагра. Аилатәара азкын акурорттә сезон ареспублика шазыхиоу алацәажәара.

ГАГРА, мшаԥымза 27 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара анҭыҵтәи реилатәараан атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иҳәеит 2017 шықәа рзы 2016 шықәса иадкыланы уахәаԥшуазар, Аԥсны атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит ҳәа.

"Адунеи аҟны имҩаԥысуа апроцессқәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар иудырыртә иҟоуп атуристцәа еиҳа ишырацәахо. Ҳара ҳахь иаауа атуристцәа зылшара бжьаратәу роуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иажәақәа рыла Аԥсны аконкуренциа азыруеит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи. Аилатәараҟны атәыла Ахада дазхьаԥшит ареспубликаҟны имҩаԥысуа закәандарылатәи аргыларақәа рызҵаарагьы.

"Гагра акыршықәса еиқәдырхоз архитектуратә стиль ҷыда аилагара азин ҟазҵада? Ажәытәҩнқәа зегьы иаарыкәыршаны асасааирҭақәа дыргылеит. Урҭ аобиектқәа рганахь ала аусҭҵаарақәа рылагаразы апрокуратура, ААР, Ашәахтә маҵзурақәа адҵа шәысҭоит", — иҳәеит атәыла Ахада.

Анапынҵа неигӡарц азы атәыла аиҳабыра рхада жәамш ииҭеит.

"Ауаа закәаншьаҭала азин роуроуп аобиектқәа рыргыларазы. Уи асеиԥш иҟоу апроблемақәа аԥнарҟәҟәаауеит", — иҳәеит иара.

Аилатәара мҩаԥысуан атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба ихантәаҩрала. Аилатәара иалахәын Аԥыза-министр Беслан Барцыц, ихаҭыԥуаа Беслан Ешба, Аслан Кобахьиа, Дмитри Сериков, аминистрцәа, аҳәынҭеилакқәа рхантәаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0